AҦCУAA PЫБЖbbI

                    -------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------     Аҧсуа шрифт



 

 Аҟәа Аҳабла ҿыц арыцқьаразы аусурақәа еиҧҟьарада имҩаҧысуеит

 

Аҟәа, Аҳҭны-қалақь акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Зураб Амҷба иажәақәа рыла, аусурақәа зегьы хыркәшахоит ҧшьымз рыҩныҵҟа.

 

Аҳабла ҿыц асанитартә ҭагылазаашьа азҵаара ҵарны иқәгылеижьҭеи акыр ҵуан. Уи аӡбаразы ҩымз раҧхьа ихацыркыз аусурақәа ирылагӡаны, иҟаҵоу маҷым. Уажәазы, уи ахәҭақәа руак рыцқьоуп. Акоммуналтә усбарҭа аусзуҩцәа рзы ауадаҩрақәа цәырызго иреиуоуп аргыларатә црыҵқәа рықәгара. Дара аҩнеихагылақәа иахьрыҵаркуа ашҭақәеи адгьылқәеи ахьыдрыцқьо анаҩсгьы, аҩныҩналарҭақәа рҿы икажьу аргыларатә гәамгьы ықәыргоит.

 

Уажәы аусурақәа мҩаҧысуеит Агрба ихьӡ зхыу амҩаҿы. Зураб Амҷба иажәақәа рыла, ари аҭыҧ аҿы аусурақәа рымҩаҧгара уадаҩуп. Аҟаҵатә ахьырацәоу адагьы, ара инхо ауаа реиҳараҩык иҟаҵан ирымоу ауҭрақәа рықәгара иақәшаҳаҭӡам. Убри аҟынтә хаз-хазы ирацәажәалатәуп. Иааидкыланы иуҳәозар, аусурақәа зегьы ҧшьымз рыҩныҵҟа ихыркәшахоит.

 

Аҧсны ахадара Аҳабла ҿыц азҵаара гәцаракрыла иазнеиуеит. Убри инамаданы, аҳәынҭқарра Ахада Иқәҵарала,  араҟа амҩаргыларатә усурақәагьы ирылагоуп. Ари аҭыҧ астратегиатә ҵакы амоуп. Иара еиманадоит Аҳабла ҿыци Ешыра ақыҭеи. Ара адгьыл ҳәазоит, убри аҟнытә ҭыҧ-ҭыҧлатәи аиҭашьақәыргыларақәа азхом. Уажәтәи аусурақәа рымҽхак ҭбаауп, акаҭран ықәдырҭәаанӡа адгьыл иҵаҵахоит аӡымҩангагақәа, анаҩс амҩа еиҟарартәуеит.

 

24.01.2013  Аҧснытәи Аҳәынҭқарратәи Ателерадиоеилахәыра

 

 Гәылрыҧшь араион Дранда аҳабла иахьаҵанакуа, амҩаду ихыз ацҳа ықәхны аҿыц ахҵара нап аркуп

 

Аҟәа, Арҭ аусқәа нарыгӡоит аҳәынҭқарратә еилакы “Аҧсныаҟәарахьчара” аусуцәа. Убри аан автомашьынақәа рныҟәара аанкылаӡам.

 

Жәаҳәарада, амҩа еиҧҟьарада аусура, аҭыҧантәи ауааҧсыра рзеиҧш, егьырҭ араионқәеи ақалақьқәеи руааҧсыра рзгьы акраҵанакуеит. Ара имҩасуа амашьынақәа рхыҧхьаӡара рацәоуп. Ирацәоуп ашкол аҟнытә ари ацҳа иқәсны зыҩныҟа ицо ахәыҷқәагьы. Аҳәынҭқарратә еилакы “Аҧсныҟәарахьчара” аиҳабы Мақсим Харчлаа иҳәеит, иара шыхҵаз егьи ацҳа арбгара иалагаанӡа. 70 шықәса ихыз ацҳа арбгареи, уи аҭыҧаҿ иҿыцу ахҵареи ихымҧадатәны иҟалеит еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны.

 

“Ари аӡиас уахьахәаҧшуа ихәҷушәа убоит, аха алеишәа даара ицәгьоуп”, - рҳәоит аҭыҧантәи ауааҧсыра. Амшцәгьақәа раан, иара аҩаӡара акыр иацлоит. Аӡы  хыҵуеит. Убри аан, аҧырхага ду ҟанаҵон. Уи апроблема аӡбаразы аргылаҩцәа ргәы иҭоуп, аӡышьҭа арҭбаара. Макьаназ, аҽазыҟаҵаратә усқәа роуп изҿу. Мақсим Харчлаа иажәақәа рыла, ацҳа аргылара мызкы еиҳаны иагоит. Аусурақәа цоит еиҧмырҟьаӡакәа, амшқәа зеиҧшразаалак. Ихҵахо ацҳа аҭбаара – 15 метра ҟалоит.

 

23.01.2013  Аҧснытәи Аҳәынҭқарратәи Ателерадиоеилахәыра

 

 Аҧсны Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Индира Аҩардан длыдылкылеит ареспубликаҿы иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаҧшь аиҳабы Лиук Хаас

 

Аҟәа, Иара, ари аиҿкаара анапхгаҩы иаҳасабала, иусура хиркәшеит.

 

Лиук Хаас иҭабуп иҳәеит, Аҧсны анапхгара ирҭоз адгылареи ацхыраареи рзы. Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ. Лиук Хаас иусура ахә ҳаракны илшьеит, иазгәалҭеит иара араҟа иҟазаара иалагӡаны, иҟаиҵаз шмаҷым. Лымкаала дырзааҭгылеит, хабарда ибжьаӡыз рыҧшааразы имҩаҧысуа аусрақәа ртәы. Индира Аҩардан лажәақәа рыла, урҭ аҵак ду рымоуп, дара ирыбзоураны аӡәырҩы аҭаацәарақәа агәыҕра роуит рыхшара шырыҧшаауа азы.

 

Лиук Хаас иҳәеит, ишиҭаху даҽазныкгьы Аҧсныҟа аара. Иазгәеиҭеит, Аҧсны иҟазаара жәохәымз ирылагӡаны иширҳаз аҩызцәа, бзиа ишибаз аҧсуааи амилаҭтә культуреи. Лиук Хаас абзиараз ҳәа иаҳәо, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ аҳәынҭқарра ахадара рыхьӡала агәаларшәагатә ҳамҭа илҭеит.  “Адунеиҿ иеицырдыруа асахьаҭыхыҩ Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба исахьақәа ральбоми, уи исахьа зну араӡынтә абази. Аҧсны шәгәаланаршәалоит”, - лҳәеит лара. Лиук Хаас иҭабуп ҳәа ахҳәаауа, агәрагара ааирҧшит, иара инаҩс Аҧсныҟа иаашьҭхо Џьорџь Дриадарскии инапынҵақәа ҩаӡара ҳаракыла ишынаигӡо азы. Аџьар Ҟаҧшь аилак Аҧснытәи аҟәша аиҳаб ҿыц Аҧсны иусура хациркуеит ҳазҭоу ашықәс февраль мзазы.

 

23.01.2013  Аҧснытәи Аҳәынҭқарратәи Ателерадиоеилахәыра

 

 Ҳазҭалаз ашықәс Аҧсны Жәлар Реизара раҧхьатәи асессиа аилатәараҿы изхәаҧшуаз азҵаарақәа рҟынтә ихадан, 2013 ш. аҳәынҭқарратә биуџьет ашьақәырҕәҕәареи, афымцалашара ахархәаразы ахәҧса ашьҭыхреи рызҵаарақәа

 

Аҟәа, Ишәгәалаҳаршәоит, Аҧсны Ахада уаанӡа адепутатцәа абиуџьет азы ирыдыркылаз азакуан инапы анымҵакәа иширхынҳәыз. Уажәы, адепутатцәа рышҟа иаашьҭыз азакуан апроект аредакциа ҿыц азуын. Иара асоциалтә хырхарҭа аман.Убри азоуп апарламент аҟны аҳәынҭқарратә биуџьет азакуан зрыдыркылаз.

 

Асессиа аусура ианалага, изхәаҧшуаз азҵаарақәа реишьҭагылашьа ҧсахын. Адепутатцәа раҧхьа иалацәажәеит афымцалашара ахархәара ахәҧса ашьҭыхразы аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара. Уи азы адепутатцәа ргәаанагара аҽеиҩнашеит. Џьоукы ахәҧса ашьҭыхра иақәшаҳаҭзар, аиҳараҩык уи мап ацәыркит. Дара ражәақәа рыла, абиуџьет усхк аҟны ихандеиуа руалафахәы шьҭырхаанӡа, ахәҧса шыҟоу иааныжьтәуп.

 

Жәлар Реизара адепутатцәа аиҳабыра рышҟа ааҧхьара адәықәҵара азы ақәҵара рыдыркылеит. Уаҟа иазгәаҭоуп, ауалафахәы ахьмаҷу инамаданы, афымцалашара ахәҧса анышьҭырх, егьырҭ аалыҵқәагьы рыхә шышьҭыҵуа.

 

Адепутатцәа ақәшаҳаҭхеит аиҳабыра рышҟа иҟарҵаз ааҧхьара. Ацәажәарақәа цәырнагеит аҳәынҭқарратә биуџьет апроект азакуан алацәажәара. Жәлар Реизараҿы Аҧсны ахада ихаҭарнак Дмитрии Шамба иажәақәа рыла, 2013 шықәса рызтәи апроект иазҧхьагәанаҭоит амҩадуқәеи, ақыҭанхамҩақәеи реиҭашьақәыргылара, аибашьра аветеранцәеи, иҭахаз рҭаацәеи нхарҭала реиқәыршәара, ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи акапиталтә ремонт рзура.

 

Адепутатцәа ргәаанагарақәа ари азҵаараҿы рҽеиҩыршеит. Аӡәырҩы аҧара ииашаны еихшам, ҳәа ирыҧхьаӡеит. Убри аан адепутатцәа реиҳараҩык, абиуџьет адкылара шаҭахыз рҳәеит. Дара ражәақәа рыла, аҳәынҭқарра афинанстә документ хада шьақәыргылоуп араионқәа зегьы рҭахрақәа азгәаҭаны.

 

Асессиа аусура иалахәыз 34-ҩык рҟынтә, 21-ҩык азакуан адкыларазы рыбжьы рҭиит, 8-ҩык мап ацәыркит, 5-ҩык абжьыҭара мап ацәыркит. Абасала, 2013-шыкқәса рзтәи Аҧсны аҳәынҭқарратә биуџьет азы азакуан, Жәлар Реизара адепутатцәа ирыдыркылеит.

 

Иара убасгьы, асессиаҿы иалацәажәеит, Амилаҭтә банк ахарџьқәа рысмета ашьақәырҕәҕәара азҵаара. Иҳәатәуп, ари апроект адепутатцәа знык иахәаҧшны, мап шацәыркхьаз. Уажәгьы ирыдрымкылаӡеит. Адепутатцәа ирылаҳәаз аҧсшьара кьаҿ аан, асессиахь ааҧхьара змаз Амилаҭтә банк ахантәаҩы Илларион Аргәын адепутатцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит. Урҭ реиҳарак рызкын абанк аусушьа, амилаҭтә банки акоммерциатә банкқәеи реизыҟазаашьақәа, ашәахтә система иалагалахо аиҭакрақәа.
Асессиа хыркәшо иазгәаҭан, амилаҭтә банк ахарџьқәа рысмета, иааиуа аилатәараҿы ишеиҭахәаҧшхо.

 

22.01.2013  Аҧснытәи Аҳәынҭқарратәи Ателерадиоеилахәыра

 

 Ражден Гәымба ихьӡ зхыу Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаҧысуеит Таиф аџьба игәаларшәара иазкыу ахәылҧаз аҽазыҟаҵарақәа

 

Аҟәа, “Сара сҭынчра”, - абас ахьӡуп Таиф Аџьба игәаларшәара иазкыу ахәылҧаз. Иахьа аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаҧысуеит актиорцәа злахәу аҽазыҟаҵарақәа. Апоет игәаларшәара иазкыу апхәылҧаз аҟны иаарҧшхоит иара дызнысыз амҩеи, ихәыцрақәеи...

 

Актиорцәа азыҧшуп арежиссиор иажәақәеи иҵаҳәарақәеи, акырынтә аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧыргароуп иахәҭоу алҵшәақәа аанашьҭырц азы. Ахәылҧаз ақәыргылаҩыс дамоуп арежиссиор- асценарист Мадина Аргәынҧҳа. Уи лажәақәа рыла, иара амҩаҧгара ахықәкы – апоет иҩныҵҟатәи идунеихәаҧшреи, игәҭахәыцрақәеи, игәлҭәааны ихаҿсахьеи раарҧшра ауп.
Ақәыргыламҭаҿы акыр ахархәара рыҭоуп Таиф Аџьба аибашьраан ииҩуаз имшынҵа аҟнытә ацыҧҵәахақәа.

 

Таиф Аџьба иҧсҭазаара зегьы арҿиара иазкын, ипоезиа ҭәын алирикеи, ашәеи рыла. Имаҷым, уи 30 шықәса ирҿиаратә усура иалагӡаны, дзыхьӡаз. Иара дравторуп апоезиатә еизгамҭақәа жәаба инареиҳаны, урҭ рхыҧхьаӡараҿ иҟоуп аурыс бызшәахь еиҭагоугьы. Апоет дырзышәаҳәон иҧсадгьыли ихатәы бызшәеи. Ахәылҧаз аҟны иҟалаӡом ацәажәарақәеи, ақәгыларақәеи. Зегьы, Таиф Аџьба ирҿиаратә мҩа ала ишьақәгылазаауеит.

 

Дара актирцәа ражәақәа рыла, ирылшо зегьы ҟарҵоит, апоет ихьӡ лаша наунагӡа ахәаҧшцәа ргәаҵаҿы иаанхаразы.

 

Акультура аминистрра аҧхьаҟагьы агәы иҭоуп, еиуеиҧшым ашәҟәыҩҩцәа рхаҿсахьақәа аазырҧшуа ақәыргыламҭақәа асценахь рцәыргара.

 

22.01.2013  Аҧснытәи Аҳәынҭқарратәи Ателерадиоеилахәыра

 

 Аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит, Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист, С. Ҷанба ихьӡ зхыу амилаҭтә театр актиор Леонид Аҩӡба

 

Аҟәа, Иара иҧсыжра аиҿкааразы иаҧҵан аиҳабыратә комиссиа.

 

Леонид Аҩӡба 73 шықәса рақәын ихыҵуаз, уаҳа Анцәа илахь ианимҵеит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы даргәаҟуан ачымазара бааҧсы, аха уи ихы аиҭомызт, иҽазишәон даиааирц. Игәамбзиара иахҟьаны, асценахь дцәырымҵижьҭеи акыр шҵуазгьы, дрызҿлымҳан аҧсуа актиорцәа реихьӡарақәа, гәҭыхас иман иҧсҭазаара ашықәсқәа реиҳарак аус ахьиуаз, адраматә театр алахьынҵа.

 

Акинофильмқәа рҿы инаигӡоз арольқәа рыла, ахәаҧшцәа бзиа деицырбахьан Леонид Мсураҭ-иҧа Аҩӡба. “Ароль уқәҿиарц азы, ахҭыс уҧсҭазаараҿы имҩаҧысҵәҟьошәа ухәмарыр ауп”, - иҳәон иара. Арҭ ажәақәа, иара иҩызцәа актиорцәа рзы, еснагь имҩақәҵаганы иҟан.

 

Леонид Аҩӡба иқәыҧшра ашықәсқәа инадыркны аус иуан Самсон Ҷанба ихьӡ зхыу Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Еиуеиҧшым аспектакльқәа рҟны ҟазара ҳаракыла инаигӡахьан имаҷымкәа ароль хадақәа, далахәын атеатр аҿы еиҿкааз ашәаҳәаратә гәыҧ. Иара раҧхьатәи ирольқәа иреиуаз “Аҿатәуаа” аҟнытә Ҳаџьараҭ ихаҿсахьа даҽакы иузаларҩашьомызт. Аспектакль “Иулии Цезарь” аҟны Брут ироль зегь реиҳа  иқәҿиаз иреиуоуп ҳәа  иҧхьаӡоуп. Иара дыхәмархьан аҳәаанырцәтәи асценақәа рҟны, Москва, Киев дахььықәгылазаалакгьы, еснагь ахәаҧшцәа рнапы изеинырҟьон игыланы.

 

Алахьеиқәҵаратә митинг аҟны иқәгылаз Леонид Мсураҭ-иҧа иҩызцәа иргәаладыршәон, иҵарашықәсқәа раҧхьатәи амшқәа инадыркны, арҵаҩцәа иара иҟазара шалыркаауаз. Иазгәарҭон, актиор ду атеатр агәеисра шигәеисраз. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы агәамбзиара даныхҭанакы ишыгәнигоз, 45 шықәса инапы злакыз аус дахьацәыхарахаз.

 

Леонид Мсураҭ-иҧа ихцәажәоз ирцәыуадаҩын, рҩыза наунагӡа абзиараз ҳәа иаҳәара. Ирцәыуадаҩын, ари ауаҩы лаша, ииасхьоу аамҭала ихцәажәара. Аҩӡаа риашьара ахьӡала иқәгылаз аҧсуаҭҵааратә институт аиҳабы Уасил Аҩӡба еизаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит, арҭ амш хьанҭақәа рзы Леонид Аҩӡба иҭаацәа ирырҭаз адгылара азы.

 

Наунагӡа абзиараз ҳәа иаҳәо, Леонид Мсураҭ-иҧа дыздыруаз ирҳәон, иара иажәра шылашаз. Уи ишиҭынхаз раб ихьӡ иаҧсахаз аҧеи аҧҳаи. Иара драбдууп хәҩык амаҭацәа.

 

21.01.2013  Аҧснытәи Аҳәынҭқарратәи Ателерадиоеилахәыра

 

 Дмитри Рогозин Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа рзы аҳәаа ахысра армариара дадгылоит

 

ИТАР-ТАСС. Ганрацәалатәи амашьынамҩатә аушьҭырҭатә ҭыԥ аусура аҭҵаара аан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Рогозин ажәалагала ҟаиҵеит Аԥсны инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа аҳәааҿ риасра аан ахылаԥшра армариара залыршахозар ҭҵаазарц.

 

Аҭыԥ данахәаԥшуаз иара иазгәеиҭеит «егьи аган аҿы инхоит Урыстәыла атәылуаа рацәаҩны, уи иаанаго аҳәынҭқарратә ҳәаа ҳәынҭқаррак атәылауаа ашоит». «Сара раԥхьа иргыланы еилыскаарц сҭахуп ари аус знапы иану ишьақзгылаз аҭагылазаашьа ахьынӡеилыркаауа. Анаҩс. Иҳалшома ара даҽа ԥҟаррақәак рыла, еиҳа ирмариана аҳәааҿ аиасра аиҿкаара, ҳзышьцылоу аҳәааҿы ишыҟоу акәымкәа»,- иҳәеит Рогозин.

 

Уи игәаанагарала, Урыстәыла ӷәӷәала иахылаԥшлоит Аԥснынтәи иаауа аидарақәа. «Ауааԥсыра ракәзар, аҳәаа иахысуа атәылауаҩ Урыстәылатәи Афедерациа итәылауҩшәҟәы иоухьазар, ҳара иҳамаӡам азин «стоп-лист» аԥҟарра ахархәара, уи атәылауҩра змам, ма аҳәаанырцәынтәи иааз рзы ауп изыҟоу»,- иҳәеит Рогозин. Иара иажәақәа рыла уи иалнаршоит аҳәаа аиасра арццакра, иара убасгьы Аԥсны аҳәааҿы аԥхынтә аамҭазы аҭагылазаашьа арманшәалоит.

 

20.01.2013  Аҧсныпресс

 

 Аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб Аԥснытәи амассатә информациатә хархәагақәа ҳазҭалаз ашықәс азы раԥхьатәи апресс-конференциа риҭеит

 

Аиҭагаҩ Анатоли Лагәлаа, Аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб Аԥснытәи амассатә информациатә хархәагақәа ҳазҭалаз ашықәс азы раԥхьатәи апресс-конференциа риҭеит. Аҳәынҭқарра ахада атәыла анҭыҵи аҩныҟатәи аҭагылазаашьеи ирызку ажурналистцәа еиуеиԥшым рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

 

Иара 30 зҵаара инареиҳаны ирҭеит. Абиуџьет, Ахылаԥшратә палата аиҿкаара, анагӡаратә мчы асистема аиҭакрақәа алагалара, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 20 ш. ахыҵра аҽазыҟаҵара, аԥсуа-аруыстәи аԥсуа-ақырҭуатәи ҳәаақәа рҿы аҭагылазаашьа, афымцамч ахәԥса ацҵара, аҳҭнықалақьи Гагреи рархитектуратә хаҿы аиқәырхара ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирызҿлымҳан ажурналистцәа. Иара убасгьы иалацәажәон абиуџьетә усуҩцәа руалафахәы, раԥхьа иргылалан арҵаҩцәа;, аҳәынҭқарра ахада дшахәаԥшуа арҵараҿы иальтернативтәу аформақәа; азинхьчаратә органқәа русура; Аҟәа иҟоу уаанӡатәи арратә ԥсшьарҭаҩнқәа ирлахьынҵахо, Кавказ ашәарҭадаразы Женеватәи аиҿцәажәарақәа уҳәа егьырҭ азҵаарақәа.

 

«Сара макьана дсыздыруам Ахылаԥшратә палата ахадас иҟалоу, аха иара ахаҭа еиҿкаатәуп. Уи азы иҟазароуп зус бзианы издыруа аспециалистцәа. Апалта ахаҭа шыҟалоу еилкаауп. Ари азҵаара Жәлар Реизареи ҳареи ҳалацәажәоит, иҳаԥшаауеит ианаалоу акандидатурақәа, Апалата аусура алҵшәа бзиақәа ҟаларц азы алшарақәа аԥаҳҵоит»,- иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.

 

Аҳәынҭқарра ахада иажәақәа рыла, «Аконституциаҿы ишарбоу ала Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ имаҵзура аҵакы амаӡам». «Иахәҭоуп азакәан хада аԥсахрақәа алагалара аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа рырҭбааразы, напхгаҩык иаҳасаб ала иҭакԥхықәра аизырҳаразы, мамзар ари амаҵзура мап ацәктәуп. Сара сгәаангарала аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа уажә ишыҟоу аҟара имаҷымзароуп, ауаажәларра ргәаанагарала ари амаҵзура ааныжьтәуп ҳәа ирыԥхьаӡозар»,- азгәеиҭеит Александр Анқәаб.

 

Аԥыза-министри аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩи рмаҵзурақәа ракәзар, Аминистрцәа Реилаазаареи Аҳәынҭқарра ахада Иадминистрациеи русура излаҳнарбоу ала, арҭ аилазаарақәа русмҩаԥгатәқәа реиҳарак еиԥшуп.

 

«Ҳара Жәлар Реизарахь Аконституциа аԥсахрақәа алагаларазы ажәалагалақәа ҟаҳҵоит. Уажәы урҭ ашәҟәқәа реиқәыршәара ҳаҿуп. Аамҭа иаҳнарбоит аиҿцәажәарақәа зеиԥшрахоу. Ҳара ҳажәалагалақәа хымԥада уажәы иҟоу анагӡаратә мчра аилазаара иадҳәалахаӡом. Урҭ ус зынагӡара уадаҩу аԥсхарақәа ирхыԥхьаӡалаӡам. Иаабап Жәлар Реизареи ауаажәларреи ҳажәалагалақәа шрыдыркылоу. Ҳара иҳамоуп ҳажәалагалақәа шьақәзырӷәгәо агәаангарақәа, ҳазыхиоуп урҭ ргәаанагарақәагьы рзыӡыҩрра. Ҳара ҳазыхиоуп ҳаҭырқәҵарала аиҿцәажәара»,- иҳәеит аҳәынҭқарра ахада агазеҭ «Чемгемскаиа правда» аредактор хада Инал Ҳашыг анагӡаратә мчра асистемаҿы аԥсахрақәа ралагалара иазку иҟаиҵаз азҵаара аҭак ҟаҵо.

 

А. Анқәаб ҷыдала дазнеиуеит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы 1992-1993 ш. Аиааира 20 ш. ахыҵра аҽазыҟаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа. «Иҳамоу алшарақәа зегьы ҳхы иархәаны иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит. Еиҿкаауп Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥыза-министр Леонид Лакербаиа напхгара ззиуа. Аусура ӷәӷәала уажәырнахыс иалагатәуп, избанзар иҟаҵатәу рацәоуп»,- иҳәеит аыҳәынҭқарра ахада.

 

Иара агәра диргеит ажурнлист Емма Хоџьаа лыпроект «Ҳара ҳаруаа реиҳабы» еиԥш иҟоу апроектқәа дышрыдгылоу.

 

«Сара иаартны ишәасҳәоит гшык-ԥсык ала сшахәаԥшыз 2012 ш. нанҳәамза 14 рзы иҳарбаз афильм. Ас еиԥш иҟоу ароектқәа рыдгылара ҳазыхиоуп»,- иҳәеит иара.

 

Аҳәынҭқарра ахада ажурналистцәа ирабжьигеит Аиааира иазку еиуеԥшым апроектқәа еиҿыркаарц. «Ҳара ҳазыхиоуп шәматериалқәа ркьыԥхьра, афильмқәа дырбара, афотосахьақәа рцәыргақәҵақәа реиҿкаара адгылара, афотоальбомқәа рҭыжьра, Ҳџьынџь зыхьчаз рфыхаҵара ахьаарԥшу аочеркқәа, ажәабжьқәа ркьыԥхьра»,- азгәеиҭеит А. Анқәаб.

 

Аҟәа имҩаԥсыуаз Адуниезегьтәи аԥсуа-абаза Жәлар Рконгресс аҿы иара иаԥшьигаз Адунеизегьтәи аԥсуа фонд аиҿкаараҿы аиҭакрақәа ыҟоума ҳәа аҳәынҭқарра ахада ирҭаз азҵаара аҭак ҟаҵо иазгәеиҭеит: «Афонд акәзар макьана акгьы ыҟаӡам. Ҳара гәаартыла иҟоу уаауп. Шықәсыки бжаки раԥхьа Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рхарџь ала Дранда иҟаз ахәыҷбаҳча еиҭашьакәдыргыларц рҭахын (ари ақыҭаҿы Тырқәтәылеи Сириеи рҟынтәи ихынҳәыз ҳџьынџьуаа еизааигәаны инхоит). Аха иахьа уажәраанӡа аӡәгьы акагьы ҟаимҵеит. Ааигәа адҵа ҟасҵар акәхеит ари ахәыҷбаҳчаҿы ахыб ҿыц ҟарцарц азы, зынӡа еилаҳаанӡа. Уажәы ҳара аԥара азаҳԥшаауеит аиҭашьақәргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы. Аԥсадгьыл ахь архынҳәарзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ҭелла иасҳәеит уи атәы аиҭашьақәыргылара хацзыркыз ирзынаицҳарц. Ҳара ҳашьцәа ацхыраара ҟарҵарц рҭахызар, апроектқәа нарыгӡарц рҭахызар, уи азы алшарақәа ыҟоуп, еиҳарак ас еиԥш иҟоу аус бзиақәа ҳанрылацәажәо ахәыҷбаҳча аиҭашьақәыргылара еиԥш».

 

Аҳәынҭқарра ахада игәаанагарала ахәынҭеилакы «Аԥсныча» еиԥш иҟоу аилазаара аиқәырхара аԥсаӡам. «Сара уи атәы сҳәон 2005 ш.,- иҳәеит иара.- Уаҟа аус зуа, мамзар уаанӡа аус зуаз ҳаҭырла сшырзыҟоугьы ари аилазаара еиқәырхатәуп ҳәа исыԥхьаӡом. Иазгәаҭатәуп уи аиҳабы Нугзар Агрбагьы ари агәаанагара шҳацеиҩишо. Ачаӡырҭатә зауадқәа ирылшоит рхала ашыла аахәара, уи еиҳа имаҷны ирызтәоит»,- иҳәеит иара.

 

Аҳәынҭқарратә чаӡырҭатә зауадқәа ракәзар урҭ аҳәынҭқарра амазараҿы иаанхоит.

 

Аҳәынҭқарра ахада дақәшаҳаҭуп ауааԥсыра ахьныҟәоу атратуарқәа рҿы ахәаахәҭырҭатә ҭыпқәа рыргалара шыҟамло.

 

А. Анқәаб ажурналистцәа иреиҳәеит ҳазҭалаз ашықәс азы Аҟәа ақалақь Атынчра апроспект аҿы атротуартә плитка ҿыц ашьҭаҵара ишалаго.

 

Аҳәынҭқарра ахада игәаанагарала «аиҳабыра рамхразы амзызқәа ыҟаӡам», ус еиԥш ақәгылара ҟанаҵеит аоппозициатә политикатә партиа «Аԥсны Жәлар Ракзаара Афорум» 2012ш. ԥхынҷкәынмза 21 рзы имҩаԥгаз аизараҿы. «Ҳара ҳаҭырқәҵарала ҳхы мҩаԥаагозароуп»,- азгәеиҭеит иара.

 

Азинхьчаратә усбарҭақәа рҭагылазаашьеи ауаажәларра амилициа аусзуҩцәа рахь ирымоу агәаанагареи ирыдҳәалоу азҵаара аҭак ҟаҵо аҳәынҭқарра ахада иҳәеит: «Иахьа амилициа аусзуҩцәа руалафахәы ҳаракӡам, аусуразы ирзаԥҵоу аҭагылазаашьақәа хымԥада 2005ш. иҟаз аҵкыс еиӷьуп. Аха ихадоу атәылуаа рыԥсадгьыли ауаажәларратә ҭынчреи ишырзыҟоу ауп. ҳара атынчра ҳадгылоуп, ҳара ҳҟынӡа иааиаанӡа, ҳаҩнаҭақәа рҿы ианааилак, сыҷкәын дыбзиоуп, уи акгьы еилеимгаӡеит, уи икьысра азин шәымаӡам, сара зҽаԥсазтәыз уаҩуп, уҳәа убас. Амилициа иадгылатәуп, еилкаарыла иазнеитәуп урҭ русура. Азинхьчаратә органқәа ирыгу рацәоуп, ауадаҩрақәа рацәоуп, аха ииашаӡам азинхьчаратә органқәа ахара зегь рыдҵара. Дызусҭазаалакгьы илагала ҟаиҵароуп атәылаҿы атынчреи азакәан ақәныҟәареи аиааирц азы, ашьауӷатә усҭҵаара иаҵанакуама, мамзар амҩаҿы ашәарҭадара акәзар. Сара иацы сахәаԥшит 2012ш. аҩнуҵҟа шаҟаҩ ҭахаз амҩаҿы иҟалаз амашәыр иахҟьаны- 71-ҩык ҭахеит, 200 инареиҳаны ахәрақәа роуит. Уи зхароу амилициа акәӡам, ҳара хауп изхароу. Ирццакны амашьына ныҟәзгоу шәхәыҷқәа роуп, уи шәара ижәдыруеит. Аҳәынҭавтоинспекциа аусура мҩаԥнагалоит ахәыҷқәа рылабжьаразы. Аха ахәыҷы ианизҳалак, амашьына анизаашәхәо, шәара шәуоп иԥсҭазаара знапы иану. Шәгәыла иакәым, амилициа аусзуҩы иакәым, шәара шәоуп, анацәеи абацәеи».

 

18.01.2013  Аҧсныпресс

 

 Аԥсны даҽазнык «хәҭакала зхы иақәиҭу» ауаажәларрақәа ирхыԥхьаӡалоуп

 

Аиҭагаҩ Анатоли Лагәлаа, Америкатә азинхьчаратәи аналитикатәи аиҿкаара «Freedom House» 2013ш. ишьақәнаргылаз ареитинг инақәршәаны Аԥсы даҽазнык «хәҭакала зхы иақәиҭу» ауаажәларрақәа ирхыԥхьаӡалоуп. Иазгәаҭатәуп шықәсык аԥхьа еиқәыршәаз ареитинг иаҿурԥшуазар ахәшьара баллк ала ишеиҳаха, уи зыбзоурахаз 2012 шықәсазы Жәлар Реизарахь адепутатцәа ралхрақәа шымҩаԥгаз ауп. Аԥсны иадгылоуп ҳәа зыхҳәаара уадаҩу Еиду Америкатә Штатқәа Аконгресс аԥарала ишьақәгылоу «Freedom House» иҟанаҵаз ареитинг инақәыршәаны, ҳара ҳтәыла инарҭбаау жәларбжьаратәи азхаҵара змоуз аҳәынҭқаррақәа рыбжьара адунеи атәылақәа рҟынтәи зегь реиҳа адемократиатә ҿиара ахьымҩаԥсуа аҳәынҭқаррақәа ируакуп.

 

18.01.2013  Аҧсныпресс

 

 Александр Анқәаби Владимир Аҩӡбеи Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакра аусура иалацәажәеит

 

Аиҭагаҩ Анатоли Лагәлаа, Аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб ажьырныҳәамза 15 рзы дидикылеит Тырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Владимир Аҩӡба.

 

Аиԥылараҿы иалацәажәеит ахаҭарнакра аусура, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәеи иареи реимадара.

 

Аиԥылраҿы ирылацәажәеит егьырҭ азҵаарақәагьы,- аанацҳауеит Аҳәынҭқарра ахада иҿы иҟоу Аинформациатә усбарҭа.

 

16.01.2013  Аҧсныпресс

 

 Мушьни Лашәриа «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара ианашьоуп

 

Аиҭагаҩ Анатоли Лагәлаа, Аԥсуа поезиа, алитератураҭҵаара, асахьаркыратә еиҭагара аҿы илагалазы Жәлар рпоет, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы, Аԥсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша аиҳабы, академик Мушьни Лашәриа «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара ианашьоуп. Абри азы ақәҵара иахьа инапы аҵаиҩит аҳәынҭқарра ахада Александр Анқәаб.

 

16.01.2013  Аҧсныпресс

 

 Аҳәынҭқарра ахадеи азинхьчаратә усбарҭақәа реиҳабацәеи абахҭаҿы иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит

 

Аиҭагаҩ Анатоли Лагәлаа, Иахьа аҳәынҭқарра ахада Алексндр Анқәаб аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, Аҳәынҭқарратә шәарҭадартә усбарҭа ахантәаҩы, Апрокурор хада, драндатәи абахҭа аиҳабы, Гәылрԥшь араионтә аӡбаҩ хадеи, Гәылраԥшь араион апрокурор хадеи дырԥылеит.

 

Аиԥылара далахәын Аҳәынҭқарра хада Иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба.

 

Аиԥылараҿы иалацәажәеит иҭаку рзы иаԥҵоу аҭагылазаашьа, урҭ роушьҭра аамҭа ааиаанӡа рхақәиҭтәра, ирыду ахара арԥсыҽра.

 

«Избан ацәгьаура хьанҭа ҟазҵаз, ахара ӷәӷәа здырҵаз ԥыҭрааамҭак ашьҭахь аҩны изыҟоу»,- дҵааит аҳәынҭқарра ахада.

 

Александр Анқәаб иҳәеит иаԥҵахар шалшо Аҳәынҭқарратә комиссиа ус еиԥш иҟоу афактқәа рыҭҵааразы.

 

«Ҳалацәажәарц сҭахуп абахҭаҿы иҟоу арежим, уи иадҳәалоу аҭагылазаашьақәа, ауадаҩрақәа. Ганкахьала азакәан абанӡанарыгӡоу, даҽа ганкахьала иҭаку рзинқәа рынагӡашьа, избан ацәгьоура хьанҭақәа ҟазҵаз урҭ азин шрымамгьы роушьҭра аамҭа аиаанӡа рхы изақәиҭыртәуа, ус еиԥш ахҭысқәа аҭып рымоуп»,- иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.

 

Аиԥылараҿы иара убасгьы ирылацәажәеит аиҭашьақәргыларатә усурақәа драндатәи абахҭаҿы. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иҳәеит урҭ рхыркәшамҭахь ишнеиз.

 

Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит уи аус азы аҳәынҭқарра имаҷымқәа аԥара ашазоунажьыз.

 

«Ҳара хықәкыс иҳамоу иҭаку рзы иахәҭоу аҭагылазаашьа аԥҵара ауп»,- иҳәеит Александр Анқәаб.

 

Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра ахада иҿы иҟоу Аинформациатә усбарҭа.

 

16.01.2013  Аҧсныпресс