|
|
Ақырҭуа мшынтә ҳәаахьчаратә шхәақәа
иааныркылеит аҭырқә еидара мҩангага ҕба«New Star» |
Аҳәынҭеилакы
Аҧсуа мшынҕбарныҟәара аиҳабы Заур Арӡынба , анеитралтә ӡқәа рҟны
Қырҭтәыла ашынҳәаахьшьцәа иааныркылаз ахәҳахәҭратә ҕба, ари
жәларбжьаратәи амшынтәи агәҳалалратәи зинқәа еилазго, мшынтә қәлароуп
ҳәа азиҧхьаӡоит.
Ахашаҽны,
мшаҧымза 29 рзы, анеитралтә ӡқәа рҟны, ақырҭуа мшынтә ҳәаахьчаратә
шхәақәа иааныркылеит аҭырқәа-еидара мҩангага ҕба«New Star». Аҕба Аҧсныҟа
иаанагеит аргыларатә маҭәахәқәеи, егьырҭ атауарқәеи. Аидара мҩангага ҕба
Аҟәатәи абаҕзаза ааннажьит мшаҧымза 28 рзы, 12 сааҭи 20 минуҭи рзы.
Аҕбаҿы иҟан 11 ҩыуаак (аекипаж Ҭырқәтәыла атәылауаа), - ҳәа
азгәеиҭеит Арӡынба.
Арӡынба иҟалаз
ахҭыс азы аиҳабыра адырра риҭеит.
Ари мшаҧымза
иалагӡаны, ҩынтәуп ақырҭуа мшынҳәаахьшьцәа Аҧсныҟа аидара аазго аҕбақәа
ааныркылоижьҭеи. Иара убас, мшаҧымза 5 рзы, анеитралтә ӡқәа рҟны
ақырҭуа ҳәаахьшьцәа иааныркылеит аҭырқә ҕба Дента Демет. Уи Аҧсныҟа
иаанагеит 1000 тонна инарзынаҧшуа абылтәы-ахьшьтәы материалқәа.
30.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсни Аахыҵ
Уаҧстәылеи Рҳәынҭҳәаақәа рырҕәҕәаразы Аиқәшаҳаҭра анагӡаразы иаҧҵахоит
еилаҧсоу акомиссиақәа |
Урыстәыла
аҧшьашаҽны анапы рыҵанаҩит Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаақәа
еилахәны рыхьчаразы Аиқәшаҳаҭра. Иара убасгьы, арҭ ах-ҳәынҭқаррак
рхадацәа алархәны анапы рыҵаҩын аусбарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа,
Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзуреи, Аҧсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә
маҵзуреи, Аахыҵ Уаҧстәыла Ашәарҭадаратә Еилаки реицхыраареи русеицуреи
рзы.
Аиқәшаҳаҭрақәа
инарықәыршәаны, х-ҳәынҭқаррак рхадацәа Кремль рнапы зҵарҩыз Аиқшаҳаҭра
анагӡараан ицәырҵырц зылшо азҵаарақәа рыӡбаразы иаҧҵахоит еилаҧсоу
акомиссиақәа.
30.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Урыстәыла,
Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҳәаақәа рыхьчара еиқәнаршәоит, уаҟа
аҳәаахьчаратә еиҿкаарақәа аҧҵахаанӡа |
Урыстәылеи, Аахыҵ
Уаҧстәылеи, Аҧсни Рҳәынҭқарратә ҳәаақәа еилахәны рыхьчаразы
Аиқәшаҳаҭрақәа, ари ахҧатәи аҳәынҭқаррақәа рҿагылара хырхарҭас иамам.
Ари аҭагылазаашьа арбоуп, иахьа, Кремль , х-ҳәынҭқаррак Рхадацәа рнапы
зҵарҩыз ашәҟәы аҟны.
Урыстәыла анапы
рыҵанаҩит ҩ-ганктәи Аиқәшаҳаҭрақәа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҟны
аҳәынҭқарратә ҳәаақәа еилахәны рыхьара арҕәҕәаразы. Иара убасгьы анапы
рыҵаҩуп аусбарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа, Урыстәыла Афедералтә
шәарҭадаратә маҵзуреи, Аҧсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи, Аахыҵ
Уаҧстәыла аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә еилаки русеицуразы. Анапы зҵаҩыу
ашәҟәқәа инарықәыршәаны, арҭ аиқәшаҳаҭрақәа ахҧатәи аҳәынҭқаррақәа
рҿагылара хырхарҭас ирымам, аганқәа егьырҭ жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа
рҟнытәи рзинқәеи рхыдҵақәеи ирхьысуам.
Аиқәшаҳаҭрақәа
анапы рыҵаҩыуп хә-шықәса ҿҳәарас иаҭаны.
30.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Урыстәыла
Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҟны Аҳәынҭҳәаақәа еицеилахәны рыхьчаразы
Аиқәшаҳаҭрақәа анапы рыҵанаҩит |
Урыстәыла Аҧсни
Аахыҵ Уаҧстәылеи рҟны Аҳәынҭқарратә ҳәаақәа еицеилахәны рыхьчара
арҕәҕәаразы ҩ-ганктәи Аиқәшаҳаҭрақәа анапы рыҵанаҩит. Агәырҕьаратә
церемониа мҩаҧысуан, иахьа Кремль. Ашәҟәы рнапы аҵарҩит Урыстәыла
Апрезидент Дмитрии Медведеви, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҳәынҭқаррақәа
Рхадацәа Сергеи Багаҧшьи Едуард Кокоитии.
Урыстәыла, Аҧсни
Аахыҵ Уаҧстәылеи Рҳәынҭқарратә хьыҧшымрақәа азханаҵеит Қырҭтәыла
архәҭақәа Цхинвал ианақәла ашьҭахь. Уи аҭакс Қырҭтәыла Москва
адипломатиатә еизыҟазаашьақәа мап рыцәкны, арҭ аҩ-республикак
ртерриториақәа аоккәпациа азууп ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит. Урыстәыла
Апрезидент зныкымкәа иҳәахьан , Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҟны агрессиа ҿыц
аҟалара шалимыршо.
Арҭ
ах-ҳәынҭқаррак рхадацәа алархәны, иара убас анапы рыҵаҩын
аусбарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа Урыстәыла афедерациа Афедералтә
шәарҭадаратә маҵзуреи, Аҧсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи, Аахыҵ
Уаҧстәыла Ашәарҭадаратә Еилаки русеицуразы.
Кремль аҟны
иазырыҧхьаӡоит, Аахыҵ Кпвказ арегион аҟны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа
инақәыршәаны, арҭ анапы зҵаҩыу аиқәшаҳаҭра ҿыцқәа,ҷыдала иахьа
иактуалтәуп ҳәа. Урыстәылатәи абжьаҟазацәа аналырга ашьҭахь, Аахыҵ
Уаҧстәылеи Аҧсни ирыҧну араионқәа рыҟны аҭагылазаашьа ҭышәынтәаламкәа
иаанхоит: арҭ араионқәа рҟны ақырҭуа амчратә еилазаарақәа рхыҧхьаӡара
наӡоит 2,5 нызқьҩыуаак рҟынӡа. Аҵыхәтәантәи амзазы, Европатәи Аидгыла
аҟнытә жәларбжьаратәи анаҧшцәа уаҟа ишыҟоугьы, Қырҭтәыла акыр
провокациақәа мҩаҧнагахьеит, иара убасгьы ашәарҭадара арежим еиланагоит.
Қырҭтәыла аҩныҵҟаполитикатә қәҧара аҭагылазаашьа еиҳагьы иаруадаҩуеит.
30.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҟәатәи
алицеи-интернат аҟны имҩаҧысуеит аҭоурых азы а- 9-11 тәи аклассқәа рҟны
итәоу ашколхәыҷқәа рыбжьара Ареспубликатә еиндаҭлара |
Аҟәатәи
алицеи-интернат аҟны имҩаҧысуеит аҭоурых азы а- 9 -11 тәи аклассқәа рҟны
итәоу ашколхәыҷқәа рыбжьара Ареспубликатә еиндаҭлара. Уи иалахәуп Аҧсны
ақалақьқәеи ақыҭақәеи зегьы рыҟнытә ашколхәыҷқәа, арегионалтә еиндаҭлара
аҟны аиааира згаз.
Атәыла аҭоурых
азы ас еиҧш аинтеллектуалтә еиндаҭларақәа, аҵарадырра аминистрра
имҩаҧнагоижьҭеи хышықәсоуп.
Аҧсныпресс
акорреспондент аҵарадырра аминистр Индира Аҩардан данлыҿцәажәоз,
иазгәалҭеит ари аиндаҭлара аҳәаақәа ирҭагӡаны ишымҩаҧысуа. иара убас
аҭҵааратә усурақәа рызгьы аиндаҭлара. Уи хықәкыс иамоу зегь раҧхьаӡа
иргыланы,Аҧсны аҭоурых аҵарахьы ахәыҷқәа ринтерес ашьҭыхра ауп, убри
инаваргыланы, аиҳабыратә классқәа рҟны итәоу аҭҵаарақәа рахь рҟыбаҩ
арҿиароуп.
Имаӡаӡам
астудентцәа ишырцәыуадаҩу акәрстә усумҭақәа рыҩра, убри азын араҟа
ашколхәыҷқәа ироуа аҧышәа, наҟ-наҟ аҵараҿи аусураҿи ицхыраагӡахоит, -
азгәалҭеит аминистр.
Ажиури аилазаара
иалаз аҭоурыхдырыҩцәеи, арҵаҩцәеи, 14 усумҭа ахьчаразы иалыркааит.
Индира Аҩардан лгәаанагарала, сынтәатәи аицлабра уаанӡатәиқәа
изларылукааша ыҟоуп.Ашколхәыҷқәа рықалақь гәакьеи, рқыҭеи рҭоурых азы
атемақәа алырхуан, азгәалҭеит уи.
Ажиури алахәыла
Олег Бҕажәба ас еиҧш аиндаҭларақәа рымҩаҧгара хадара злоу акәны
иазиҧхьаӡоит.Атәыла аҭоурых, - ари Аконституциеи, агимни, абираҟи,
агерби реиҧш Ҳҳәынҭқарра ахьыҧшымра иузаҟәыҭхаӡом. ҳәа азгәеиҭеит.
Аицлабра иалахәуп, аҧсуаа реиҧш, аурысқәа, абырзенқәа, Галтәи
ашколхәыҷқәа рҵаҩцәа.
Арҵага шәҟәы
Аҧсны аҭоурых аҧҵаҩцәа руаӡәык агәаҳәара шимаз иҳәеит, абас еиҧш
аиндаҭларақәа аҧхьаҟагьы рымҩаҧгаразы.
Аицлабраҿы
аиааира зго агәаларшәагатә ҳамҭақәеи аграмотақәеи ранашьахоит.
29.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Мшаҧымза 28,
рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь зхадараҿы дыҟоу аделегациа
Москваҟа ицоит |
Мшаҧымза 28,
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь зхадараҿы дыҟоу аделегациа Москваҟа
ицоит. Мшаҧымза 30 рзы Урыстәыла аҳҭны-қалақь аҟны имҩаҧысуеит
Урыстәылеи Аҧсни рыбжьара еицеилахәны аҳәаа ахьчаразы Аиқәшаҳаҭра
анапаҵаҩра, - ҳәа адырра ҟаиҵеит Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа
рминистр С.Шамба. Адокәмент рнапы аҵарыҩуеит Урыстәыла Апрезидент
Дмитри Медведеви , Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшьи.
Ари-ҳтәыла
ашәарҭадара арҕәҕәараҿи Урыстәылеи ҳареи ҳусеицураҿи шьаҿа ҕәҕәоуп, уи
арегион аҟны аҭынчреи аҭышәынтәалареи иргарантхоит, - инаҵшьны
иазгәеиҭеит Шамба.
Аделегациа
аилазаараҟны Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Шамба, Аҳәынҭқарратә
шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы И.Ашәба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә
маҵзура ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Нугзар Самосниа, ареспублика Аҧсны
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Зураб
Марганиа уҳәа убас егьырҭгьы.
27.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Сергеи
Лавров: Саакашвили хаҭала Қырҭтәыла акзаара хирбгалеит |
Урыстәыла
Адәныҟатәи Аусқәа рминистр С.Лавров рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит Би-би-си
Аурыс маҵзуреи асаит bbcrussian.com аҧхьаҩцәеи.
Аинтервиу аҟны
рыхҳәаа ҟаиҵеит адунеи аҟны Урыстәыла инанагӡо ароли, иара убасгьы
Лондон имҩаҧгаз ҩеижәатәыла рлахәлацәа рсаммит алыҵшәақәеи, Америка
Еидҵоу Аштатқәеи НАТОИ реизыҟазаашьеи, Қырҭтәылеи Аҧсни, Аахыҵ
Уаҧстәылеи рҭагылазаашьеи рзы уҳәа Би-би-си имҩаҧнагаз аҭҵаарақәа.
Урыстәыла
есымшагьы иқәгылон иагьықәгылоит жәларбжьаратәи азинқәа хьаҳәа-ҧаҳәада
рынагӡаразы. Абри аганахьала ахәшьара аҭатәуп Аахыҵ- Уаҧстәыла ахҭысқәа
рзы ҳхымҩаҧгашьа. Саакашвили ирежим ақәылара мҩаҧнагеит Аахыҵ Уаҧстәыла
аҭынч уааҧсыреи, уаҟа ирыланхоз Урыстәыла атәылауааи,иара убасгьы
Урыстәылатәи абжьаҟазацәа рахьи, урҭ уаҟа рыҟазаара ОБСЕ
ишьақәнарҕәҕәахьан, иара убасгьы жәларбжьаратәи амандат ала азакәантә
шьаҭа аман. Жәларбжьаратәи азин ала ари иаанаго, Урыстәыла Афедерациа
аганахьала ақәылара амҩаҧгароуп. ООН Аҧҟаҧҵа 51 Ахәҭаҷ ишьақәнарҕәҕәоит
аҳәынҭқарра ахыхьчара азин амоуп, уи абџьаршьҭыхла ианақәла, - иҳәеит
аминистр.
Аимак ашьаҭақәа
дырзааҭгыло Лавров иазгәеиҭеит: Аимак ашьаҭақәа ртәы акәзар, - Аҧсни
Аахыҵ Уаҧстәылеи мшаҧымза 3, 1990 шықәсазтәи СССР азакәан инақәыршәаны,
Қырҭтәыла аилазаара иалҵит. Ари закәанла иахьынӡаиашоу иамактәым,
избанзар Қырҭтәыла ахаҭа СССР аилазаара иалҵит иара убри азакәан
ашьаҭала.
Урыстәыла
Адәныҟатәи Аусқәа рминистр иазгәеиҭеит, Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни
ареферендумқәа шымҩаҧыргаз, урҭ рыжәларқәа ахьыҧшымра мҩа ылырхит.
Аконституциақәа рыдыркылт. Иаҧырҵеит апарламентқәеи, аиҳабырақәеи.
Қырҭтәыла
амчрақәа СССР анеилаҳа аамҭазы, арҭ рыҩ-жәларык ирабашьит, аха иаҵахеит.
ООН-и ОБСЕ-и рақәшаҳаҭхарала аимак аҭышәныртәаларазы Аиқәшаҳаҭрақәа
рыбжьаҵан. Аҵыхәтәантәи 15 шықәса раахыс Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи, аимак
аҟны иазхаҵоу аганқәа раҳасабала, ирыман иҳәаақәҵоу азинтә субиект-
жәларбжьаратәи аицәажәарақәа рхы алархәра азин рыман, Қырҭтәыла
Аконституциа дара ртерриториаҟны аус ауамызт, - иазгәеиҭеит Лавров.
Аминистр иажәақәа
рыла, Урыстәыла, ихьыҧшым Косово мраҭашәаратәи аспонсорцәа инарҷыданы,
Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азханаҵеит агеополитикатә хықәкык
рыман акәымкәа, аҧсуа жәлари ауаҧс жәлари ринтересқәа рыхьчарази,
иааизакны арегион аҟны ашәарҭадара аиқәырхареи рзы.
Иаҳҳәозар,
Косово 1999 шықәса рзы, аиқәшаҳаҭрақәа аналыршаха нахыс, уаҩ
дақәымлаӡеит, ООН Ашәарҭадара Ахеилак ишьақәнарҕәҕәаз арезолиуциа 1244
ала, Белград аиқәшаҳаҭрақәа еиланамгаӡеит. Ари арезолиуциа еилазгазгьы
Приштин амчрақәа роуп. Қырҭтәыла анапхгара 1990 шықәсазтәи ашықәсқәа
рыламҭалазы аҧсуа-ауаҧс еимакы аҭышәныртәаларазы аиқәшаҳаҭра анапы
анаҵанаҩ нахысгьы, еснагь еиланагон, хыҧхьаӡара рацәала имҩаҧнагон
апровокациақәа, изныкымкәа Аахыҵ- Уаҧстәыла рнапахьы иааргаразы
абџьаршьҭыхла иақәлахьан. 2008 шықәса рзгьы Қырҭтәыла Аахыҵ Уаҧстәыла
иақәлахьан, аха усҟан ирласны иааныркылеит. Уи ашьҭахь ОБСЕ Европатәи
Аидгылеи ркодексқәа еилаганы, Саакашвили абџьарла иҽеибиҭартә еиҧш
ацхыраара ирҭеит, - иаҳхысыз аҧхынразы агәаанагара иоуит имчқәа еизхоит
ҳәа. Иара убасгьы НАТО Бухаресттәи асаммит, 2008 шықәса мшаҧымзазы
Қырҭтәылеи Украинеи НАТО аҟны иҟалоит ҳәа ирылаҳәаз аӡбара
апровокациатә роль нанагӡеит. Ари Саакашвили зегь зылшо иакәны ихы
инарбеит, - иазгәеиҭеит Лавров.
Уи ҿырҧшны
иааигеит Украина Қырҭтәыла арежим абџьарла еиқәзыршәоз раҧхьа ишгылаз.
Уи абџьар ала иршьуан абжьаҟазацәа, аҭынч уааҧсыра, Цхинвали, Аахыҵ
Уаҧстәыла ақыҭақәеи дырхәашон. Убри азын, иахьа Қырҭтәыла ҿыцымҭала
абџьарла ианеиқәдыршәо, НАТО арратә ҽазыҟаҵарақәа Қырҭтәыла амҩаҧгара
агәы ианҭоу, азҵаара цәырымҵыр ауам, ргәы иҭоузеи альианс аҟны ҳәа?
Ишәгәаласыршәоит: НАТО аҵыхәтәан арратә зыҟаҵарақәа Қырҭтәыла
имҩаҧнагеит 2008 шықәса ҧхынгәымзазы, Аахыҵ Уаҧстәыла ақәлара мчыбжьык
шагыз, - инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.
Лавров
иазиҧхьаӡоит, Саакашвили Аахыҵ Уаҧстәыла ауаа шәшьы ҳәа адҵа ҟазҵаз,
иара хаҭала Қырҭәыла акзаара хирбгеит ҳәа. Атерриториатә акзаара
апринцип акәзар, 1970 шықәсазтәи ООН Адекларациа аҟны инаҵшьны
иазгәаҭоуп, аҳәынҭқарратә акзаара иаҧсоуп, иара атерриториа аҟны инхо
ажәларқәа зегьы рзинқәа ахьчозар ҳәа. Саакашвили ари апринцип еилеигеит,
иара итәыла иауаатәыҩсаны иишьоз рышьразы адҵа ҟаиҵеит, уи алагьы,
хаҭала Қырҭтәыла акзаара хирбгеит, - иазгәеиҭеит Урыстәыла Адәныҟатәи
Аусқәа рминистр.
24.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Ҭырқәтәылатәи
афонд Мармара Фаундеишн Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ааҧхьара инаҭеит
Стамбул имҩаҧысраны иҟоу аекономикатә саммит алахәхаразы |
Ҭырқәтәылатәи
афонд Мармара Фаудеишн Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь ааҧхьара
инаҭеит Стамбул имҩаҧысраны иҟоу аекономикатә саммит алахәхаразы. Уи
мҩаҧысраны иҟоуп ҳазныу ашықәс лаҵарамза 6-8 рзы. Аха, Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада ари афорум алахәхара изалыршом.
Мшаҧымза 23 рзы,
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада астратегиатәи асоциалтәи
ҭҵаарақәа Ҭырқәтәылатәи рфонд Мармара Агәыҧ Ахада, адоктор Аккан Сувер
ихьӡала ишьҭит ашәҟәы. Уаҟа уи ҭабуп ҳәа ахиҳәаауеит асаммит ахь ирҭаз
ааҧхьаразы, иара убасгьы уи асаммит аиҿкааҩцәа адырра риҭеит ари афорум
дышзалахәымхо. Аҳәынҭқарра Ахада агәыҕра шимоу иҳәеит ари афонди дареи
аҧхьаҟатәи русеицура шалыршахо ала, - ҳәа адырра ҟаиҵеит Амассатә
Информациатә хархәагақәа рҟны Аҳәынҭқарра Ахада Иофициалтә хаҭарнак
Кристин Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада
иусбарҭа ахыҵхырҭақәа рҟынтә излеилкаахаз ала, Стамбултәи аекономикатә
саммит алахәхара мап зацәикыз, абри иарбоу аҿҳәаразы Москва имҩаҧысраны
иҟоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара аусхк аҟны аҳәынҭқаррабжьаратә
еиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра иадҳәалазар ауеит.
24.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсни
Урыстәылеи рҳазалхратә еилазаарақәа аҳазалхраҿы азинеилагарақәа
рҿагыларазы еицеилахәу аусурақәа рымҩаҧгаразы аплан рнапы аҵарыҩуеит |
Ареспублика
Аҧсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҟны имҩаҧысит азинхьчаратә
усурақәа рызҵаарақәа рзы аусуҩтә гәыҧқәа иаркыу реилатәара. Агәыҧ иалоуп
Урыстәыла Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә маҵзуреи, Аҧсны Аҳәынҭқарратә
ҳазалхратә еилаки, Аҩныҵҟатәи Аусқәа рминистрреи, Аҳәынҭқарратә
шәарҭадаратә маҵзуреи, Иреиҳаӡоу апрокәратуреи рхаҭарнакцәа.
Аусуҩтә
гәыҧ алацәажәеит аҳазалхратә зинеилагарақәа ирҿагыланы ақәҧаразы
еицеилахәу аплан апроект, - ҳәа аанацхҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә
еилакы.
Ахәашаҽны,
мшаҧымза 24 рзы иазгәаҭоуп еицышьақәырҕәҕәоу адокәмент анапаҵаҩра.
23.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсны жәлар
Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа 200-ҩыуаак инарзынаҧшуа рыҧсы ршьарц
рҽырхәышәтәырц рылшоит Аҟәа РВСН асанаториа аҟны |
Аҧыза
министр ихаҭыҧуаҩ Леонид Лакербаиеи асоциалтә шәахтәқәа Рфонд ахантәаҩы
Заур Малиеи Аинво-цхыраара Ассоциациаҟны ирҧылеит Аҧсны аинвалидцәа
реиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа. Аиҧылараҟны иалацәажәеит 1992-93 шықәсазтәи
Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рсанаториа-кәрорттә
ҽыхәышәтәрақәа рызҵаара.
Асоциалтә
шәахтәқәа Рфонд амчала финансла еиқәыршәоу ари апрограммала, 200-ҩыуаак
рҟынӡа рыҧсшьареи рыхәышәтәреи азгәаҭоуп. Аҧсшьареи ахәышәтәреи
алыршахоит асанаториа РВСН абазала. Актәи агәыҧ рнеира азгәаҭоуп
мшаҧымза 27 рзы.
Иаҳхысыз
ашықәс азы, Аҧсны еиуеиҧшым асанаториақәеи аҧсшьарҭа ҩнқәеи, иара
убасгьы Ҟрым (ақ.Саки) рыҟны рыҧсы ршьеит,рҽырхәышәтәит 250-ҩыуаак Аҧсны
жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа.
23.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсны
Апарламент Ахада ихаҭыҧуаҩ Виачеслав Цыгәба далахәуп Кәрсктәи аобласттә
Дума 15 шықәса ахыҵра иазкыу аныҳәа |
Аҧсны
Апарламент Ахада ихаҭыҧуаҩ Виачеслав Цыгәба далахәуп Кәрсктәи аобласттә
Дума 15 шықәса ахыҵра иазкыу аныҳәа, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Апарламент
апресс-маҵзура.
Аилатәара
агәырҕьаратә хәҭа ааиртит аобласттә Дума ахантәаҩы Алеқсандр Кичигин. Уи
иажәахә аҟны дазааҭгылеит аобласт Ахәынҭқарратә мчра иреиҳау
азакәанҧҵаратә еиҿкаара ашьақәгылара иналукааша аҭоурыхтә мҩа, иара
убасгьы 4 ааҧхьарак ирылагӡаны адепутатцәа ирылдышази, аҧхьаҟатәи
руснагӡатәқәеи.
Виачеслав
Цыгәба Кәрсктәи иколлегацәа дрыдныҳәало, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы
Нугзар Ашәба иҟнытә идныҳәаларатә шәҟәы рнапаҟны ириҭеит.
Аҧсны
жәлар аҧхьаҟатәи рҧеиҧш иузаҟәымыҭхо Урыстәыла иадырҳәалоит. Убри
инамаданы, Урыстәыла Афедерациа Кәрсктәи аобласт зекономикатә потенциал
аҩаӡара акыр иҳаракыу, иарбанзаалак ауадаҩрақәа рҟны аиааира зго ауааи
рҧышәа Аҧсны азын акыр аҵанакуеит, - ҳәа азгәаҭоуп адныҳаларатә шәҟәы
аҟны. Агәыҕра сымоуп, Ареспублика Аҧсни Урыстәыла Афедерациа Кәрсктәи
аобласти ҳзакәанҧҵаратә еиҿкаарақәа русеицуреи, ҳаиҩызареи аҭоурых аҟны
иахәҭоу аҭыҧ ааннакылап ҳәа, уи цхыраагӡахап Урыстәылеи Аҧсни рыуаажәлар
иҭышәынтәаланы реизҳа-зыҕьараҿы.
23.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсны
Аҳәынҭқарратә хортә капелла раҧхьаӡа акәны иалахәхоит Москватәи амшаҧтәи
афестиваль |
Аҧсны
аҳәынҭқарратә хортә капелла раҧхьаӡа акәны иалахәхоит 8-тәи Москватәи
мшаҧатәи афестиваль, - ҳәа адырра ҟанаҵоит акәльтура аминистрра.
Мшаҧтәи
амузыкатә ныҳәа напхгаҩыси уи амҩаҧгара аҧшьгаҩыси дамоуп адирижиор
Валерии Гергиев. Аконцерт мҩаҧысуеит мшаҧымза 29 инаркны лаҵарамза 3-нӡа
Москватәи аконцерттә залқәа рҿы мацара акәымкәа Урыстәыла 28 қалақь
рҟны.
Афестиваль
аҳәаақәа ирҭагӡаны акапелла Москва Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуи аџьеи
рветеранцәа рзы агәҳалалратә концертқәа мҩаҧнагоит, иара убасгьы Калуга
ақалақь аҟны Иҧшьоу Троицкии акафедралтә уахәама аҟныи Дербицтәи
Гиоргии Неокесариитәи ауахәамаҟни имҩаҧнагараны иҟоуп аконцертқәа.
Акапелла
ауахәамақәа рзы ҷыдала иазнархиеит апрограмма. Артистцәа ррепертуар аҟны
иҟоуп Дмитрии Бортианскии Сергеи Рахманинови раҧҵамҭақәеи, иара убасгьы
аҧсуа жәлар рашәақәа Ахра ашәа, Азар, Гәдиса, Ахәра ашәа,
Озбақь уҳәа убас егьырҭгьы.
Ахортә
капелла асахьаркыратә напхгаҩыси адирижиор хадаси дыҟоуп Адыга
республика аҟазара зҽаҧсазтәыз Нора Аџьынџьал.
22.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Ахҵәацәа
русқәа рзы Норвегиатәи Аидгыла азхиоуп Аҧсны Мрагыларатәи ахәҭа аҟны
асоциалтә обиектқәа реиҭашьақәыргыларазы апроект адгылра аҭара |
Аҧсны
Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Шамба дидикылеит Азиеи Кавкази рҟны
ахҵәацәа русқәа рзы Норвегиатәи Аидгыла арегионалтә диреқтор Маргаретт
Викки.
Аиҧылараҟны
ирылацәажәеит ахҵәацәа русқәа рзы Норвегиатәи Аидгыла ари ашықәс азы
планс ирзарбоу апроектқәа. Уи иазҧхагәанаҭоит асоциалтә ҵакы змоу
ахыбрақәа, ашколқәа, ахәышәтәырҭақәа, анхарҭа ҩнқәа уҳәа убас егьырҭ
ахыбрақәа реиҭашьақәыргыларазы аусрақәа рыцҵара.
Уи адагьы,
ахҵәацәа русқәа рзы Норвегиатәи Аидгыла иагәҭакыуп аҵарадырратә
программақәа рынагӡара, ашколқәа рырҵаҩцәа рзы атреннингқәа рымҩаҧгара.
Арҭ апроектқәа рынагӡара алыршахоит Очамчыра, Гал, Тҟәарчал араионқәа
рыҟны.
С.Шамба ахә
ҳаракны ишьеит ахҵәацәа русқәа рзы Норвегиатәи Аидгыла Аҧсны имҩаҧнаго
аусура, иара убасгьы иазгәеиҭеит, ас еиҧш апроектқәа рынагӡаразы
аусеицура ишазыхиоу. Абри атәы аанацҳауеит адәныҟаполитикатә усбарҭа
апресс-маҵзура.
22.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Москватәи
афинанстә-ааглыхратә академиа ацхыраара ҟанаҵеит Аҧсны анаплак ахәҧсазы
аспециалистцәа разыҟаҵараҿы |
Москватәи
афинанстә-ааглыхратә академиа ацхыраара ҟанаҵҟеитАҧсны анаплакы
(абизнес) ахәҧсазы аспециалистцәа 15 ҩыуаак разыҟаҵараҿы, - ҳәа адырра
ҟаиҵеит Аҳәынҭқарратә мазареи априватизациеи русбпрҭа аҳәынҭқарратә
еилакы ахантәаҩы Константин Кациа.
Иаҳхысыз
ахәашаҽны Аҳәынҭеилакы аҟны Анаплакы ахәҧсазы апрограммала еихьӡарала
ихыркәшахеит азыӡрыҩцәа рҧышәарақәа. Аҳәынҭқарратә ҧышәаратә комиссиа
ахантәаҩыс дыҟан Афинанси акредити рфакәльтет адекан Ирина Касарукова.
20.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Кавказ
ашәарҭадаразы жәларбжьаратәи аицәажәарақәа лаҵарамза 18-19 рзы
иазгәаҭоуп |
Кавказ
ашәарҭадаразы жәларбжьаратәи аицәажәарақәа лаҵарамза 18-19 рзы
иазгәаҭоуп. Абри азы адырра ҟаиҵеит Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр
С.Шамба. Уи иазгәеиҭеит, жәларбжьаратәи аицәажәарақәа изаамҭанытәиу
рраунд амҩаҧгара азҵаара ишалацәажәаз Қырҭтәыла акризистә
ҭагылазаашьақәа рзы Европа Аидгыла аҳатарнак ҷыда Пиер Морели иареи
реиҧылараҟны. Уи ашьҭахь Аҟәа иааит, лаҵарамза 18-19 рзы Женева аиҧылара
шазгәаҭоу атәы зырҵабыргуа ашәҟәы.
Женеватәи
аицәажәарақәа реиҿкааҩцәа ҳасаб азыруит, ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада иажәахә
акьыҧхь анабалакь ашьҭахь анаҩстәи араунд амҩаҧгаразы ҳара иҟаҳҵаз
аҳәара, уи лаҵарамза 7 рзы акәхоит ианыҟало, иҳәеит Шамба. Ҳара
иаҳҳәеит, иазгәаҭоу аҿҳәарақәа ҳшырзыразу, аха убри аан ҳара
ҳахәаҧшуеит, ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада иажәахә аҟны, араҟа аҭагылазаашьа
шаҟа ииашаны дазнеиуеи насгьы зҽызыҧсахыз аҭагылазаашьақәеи, иара
убасгьы ООН амиссиа ахьӡи аформати рыҧсахразы ҳажәалагалақәеи шаҟа ҳасаб
рызуу. Убарҭ ирхьыҧшхоит Женеватәи аицәажәарақәа анаҩстәи ҳалахәхара.
Ҳара иаабоит,
Женеватәи аформат аҟны, иаразнак акәымзаргьы маҷ-маҷ ҳара ҳгәаҳәарақәа
рынагӡара ишаҿыу. Ҳахәаҧшып аринахыс ихадоу ҳажәалагалақәа
ирынагӡашьахоу, - иҳәеит Шамба.
18.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Москва
имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь ипресс-конференциа |
Аҧсны Урыстәыла ацырхырааны Қырҭтәылеи
Аҧсни рҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара арҕәҕәоит, ҳәа Москва ажурналистцәа рзы
аҳәамҭа ҟаиҵеит С.Багаҧшь.
Қырҭтәыла НАТО имҩаҧнаго арратә
зыҟаҵарақәа рыламҭалазы, ҳҳәынҭқарратә ҳәаа иҵегьы ахьчара ҳарҕәҕәоит.
Уи адагьы, Аҧсны ахатәы ҳәаақәа рыхьчара арҕәҕәаразы аусмҩаҧгатәқәа
аднакылоит, Қырҭтәыла атерриториантә контрабандалеи изакәанымкәа иаауеи
абџьар аанкыларазы, - иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Багаҧшь иажәақәа рыла, Аҧсны
Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара мҩаҧысуеит аҧсуа ган иҟанаҵо аҳәарала,
Урыстәыла аган алархәны, Ҳҳәаа актәи ацәаҳәаҟны ирыхьчалоит аҧсуа
ҳәаахьшьцәа, - иҳәеит уи. Иаарласны аҳәаақәа Урыстәылеи Аҧсни
еицеилахәны рыхьчаразы анапы рыҵаҩхоит изыхәҭоу ашәҟәқәа.
НАТО Қырҭтәыла имҩаҧнаго арратә
зыҟаҵарақәа рҭакс Аҧсынгьы имҩаҧнагалоит арратә зыҟаҵарақәа, ҳәа аҳәамҭа
ҟаиҵеит С.Багаҧшь. НАТО Қырҭтәыла лаҵарамзеи рашәарамзеи рзы
имҩаҧнагараны иҟоу арратә зыҟаҵарақәа Кавказ аҭагылазаашьа
аҭышәныртәалара иацхраауам, - иазгәеиҭеит уи. Ҳара ҳацклаҧшуеит
Қырҭтәыла иҟоу аҭагылазаашьа, уи аҭакс ҳаргьы имҩаҧаҳгалоит
аҽазыҟаҵарақәа, - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аҧсны иаҧнаҵоит ахатә ар, - иазгәеиҭеит
С.Багаҧшь. Аҧсуа ар рхыҧхьаӡара 10-15 нызқьҩыуаак рҟынӡа иҟалоит.
С.Багаҧшь иажәақәа рыла Аҧсны аринахыс
иагәҭакыуп, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрреи егьырҭ амчратә
усбарҭақәеи иртәу иреиҳау аҵараиурҭақәа рахь Аҧснынтә аррамаҵзуцәа
аҵаразы рдәықәҵара, уи азы изыхәҭоу аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵаҩыуп.
С.Багаҧшь ажурналистцәа иреиҳәеит, Аҧсны
ҳазныу ашықәс ҧхынҷкәынмзазы Аҳәынҭқарра Ахада иалхразы имҩаҧысраныиҟоу
алхрақәа рҟны икандидатура шықәиргыло ала. Сара аҩбатәи аҿҳәаразгьы схы
ықәсыргылоит, Аҧсны Аконституциа излаҳәоу ала, Аҳәынҭқарра Ахада азин
имоуп ҩ-ҿхәарак икандидатура ақәыргылара. иҳәеит уи. Багаҧшь
иажәақәа рыла ари демократиатә алхрақәахоит, араҟа зегь реиҳа
ихадоу, ииашаны еилыхха алхрақәа рымҩаҧгароуп.
С.Багаҧшь иажәақәа рыла Гәдоуҭа иҟоу
Урыстәылатәи арратә база аҭышәынтәалара иаҿуп, архәҭақәа рҭыҧаҟны
иҟоуп.
Очамчыра иҟоу Урыстәылатәи арратә база
акәзар, Багаҧшь иазгәеиҭеит ари рацәак идуум арратә-мшынтә базахоит,
хәба-фба Урыстәыла аибашьыгатә ҕбақәа рыдагьы, Аҧсны арра-мшынтә мчқәа
иртәу аӡсагақәагьы рыла ишьақәгылазаауеит.
18.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Ашколхәыҷқәа рыбжьара имҩаҧысуаз
Ареспубликатә олимпиадаҟны 86-ҩыуаак аиааира ргеит |
Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол №10 аҟны
еихыршьалеит ашколхәыҷқәа рыбжьара имҩаҧысуаз ареспубликатә олимпиада
алыҵшәақәа.
Аолимпиада иалахәын 560-ҩыуаак
ашколхәыҷқәа, ақалақьтәи араионтәи еицлабрақәа рҟны аиааира згахьаз.
Аолимпиада мҩаҧсуан хәажәкыра 23 инаркны 27-нӡа 10 маҭәарк рзы.
Аҵарадырра аминистрра аҳаҭыртә шәҟәқәеи
агәаларшәагатә ҳамҭақәеи рыла иалнакааит ареспубликатә олимпиадаҟны
аиааира згаз 86-ҩыуаак ашколхәыҷқәа. Ҵыҧх урҭ 46-ҩыуаак ыҟан. Аҽхәаҧхьыӡ
шәҟәқәа рыҽрыҧсартәит 80-ҩыуаак аолимпиада алахәцәа, алыҵшәа бзиақәа
аазырҧшыз, аха аиааира агаразы баллқәак ззымхаз.
Аҵарадырра аминистрра иазгәанаҭеит
арҵаҩцәа рџьабаагьы, аҵаҩцәа аолимпиада иазыҟазҵаз. Урҭ аҳаҭыртә шәҟәқәа
ранашьан.
Аолимпиада амҩаҧгара хықәкыс иаман
аҵараҿы аҟыбаҩ ҷыда аазырҧшуа ашколхәыҷқәа ралкаара. Ҳара аолимпиада
алыҵшәақәа ҳдыргәырҕьоит, - лҳәеит аҵарадырра аминистр Индира Аҩардан.
Лара лажәақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәсқәа раасҭа, сынтәа адҵақәа еиҳа
иуадаҩын, урҭ ҳаамҭазтәи аолимпиадатә дҵақәа ирышьашәало иҟан.
Аҵаҩцәеи урҭ рырҵаҩцәеи ирзеиҕьалшьеит
аҵараҿи аусраҿи ақәҿиарақәа.
16.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аиҳабыра
ажәалагала ҟарҵоит Гагра Челискинаа рыхьӡ зхыу аҧсшьарҭа ҩны амазаратә
комплекс 40 миллион мааҭ ҳәа аҭиразы |
Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара
рыдыркылеит Челиускинаа рыхьӡ зхыу аҧсшьарҭа ҩны амазаратә комплекс
аҭиразы.
Аиҳабыра ақәшаҳаҭхеит Челиускинаа рыхьӡ
зхыу аҧсшьарҭа ҩны амазаратә комплекс 40 миллион мааҭ ҳәа аҭира
алыршаразы азакәан апроект, Аҳәынҭқарра Ахада иахь аҳәара ҟарҵеит
азакәанпроект ахәаҧшразы апарламент ахь идәықәиҵаразы.
15.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсны
Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь апрокәратура аусзуҩцәа ирыдиныҳәалеит
рзанааҭтә ныҳәа |
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь
апрокәратура аусзуҩцәа ирыдиныҳәалеит рзанааҭтә ныҳәа. 15 шықәса раҧхьа,
1994 шықәса ,мшаҧымза 15 рзы иаҧҵан Ареспублика Аҧсны апрокәратура.
Сынтәа, Аҧсны апрокәратура,
аџьынџьтәыла азинхьчаратә институт хадақәа ируакыу иахыҵит 15 шықәса.
Арҭ ашықәсқәа зегьы ирылагӡагны, шәара шәусбарҭа азакәани азинлеишәеи
рыхьчаразы иалшо зегьы ҟанаҵоит. Апрокәратура иреиҕьыу ахаҭарнакцәа
еснагь иалукаауан рдырра ҵаулақәеи, изҿыу аусҧшьа гәык-ҧсык ала амаҵ
ауреи рыла ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.
Иахьа, Аҧсны ахьыҧшымреи азхаҵареи
анаиу, аҿиаразы ашәышықәса ҿыц иананыла, апрокәратура аусура аҭакҧхықәра
еиҳагьы иацлоит. Ауадаҩрақәа акыр шырҧылоугьы, апрокәрорцәеи
аусеилыргаҩцәеи ауааҧсыра рзинқәеи рхақәиҭреи рыхьчоит, ацәгьоура
иаҿагыланы иқәҧоит, - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
С.Багаҧшь, ари асуҧшьаҿы акы аџьабаа
збахьоу апрокәратура аветеранцәеи, Ареспублика Аҧсны апрокәратура
аусбарҭақәа рҟны аус зуа зегьи ирыдиныҳәалеит рзанааҭтә ныҳәа,
ирзеиҕьеишьеит анасыҧ, агәабзиара, аҭаацәараҿы аманшәалара, азинлеишәа
арҕәҕәара аус аҟны ақәҿиара дуқәа.
15.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Амҩаҿы
ашәарҭадара аҭагылазаашьеи уи азы аусмҩаҧгатәқәеи ирызкын иаартыз
апарламенттә зыӡырҩррақәа |
Амҩаҿы ашәарҭадара аҭагылазаашьеи уи азы
аусмҩаҧгатәқәеи ирызкын, ашәахьаҽны, мшаҧымза 13 рзы имҩаҧысыз иаартыз
апарламенттә зыӡырҩррақәа.
Азакәанҧҵареи, аӡбара зинтә реформеи,
аҳәынҭқарратә ргылареи рзы аилак ахантәаҩы Владимир Начач иажәақәа рыла,
аҵыхәтәантәи 5 шықәса ирылагӡаны атәылаҿы амҩа-транспорттә машәырқәа
ирыхҟьаны иҭахахьеит 323-ҩыуаак, 1312 ҩыуаак инарзынаҧшуа ахәрақәа
роухьеит Ари иааизакны қыҭак ауаа ыҟоуп. Амҩа-транспорттә машәырқәа
рыҟны еиҳарак ааха роуеит аҿар 15 инаркны 40 шықәса рҟынӡа зхыҵуа.
Статистикала, зегь реиҳа амҩатә машәырқәа ҟалалоит жьҭаарамза инаркны
ҧхынҷкәынмзанӡа аҧсшьара мшқәа раан, - иҳәеит уи.
Аҧсны Жәлар Реизара ааигәатәи
аилатәараҟны актәи аҧхьараҿы Ашьауҕатә Кодекс аҟны аҧсахрақәа
аларгалеит, уи инақәыршәаны, анаркотикатә рҩышьыгақәа злаҵаны иҟои,
мамзаргьы аҩы ыжәны амҩа-транспорттә машәыр зыхҟьаз рзы ашьауҕатә
ҭакҧхықәра аҿҳәара иацҵоуп. Иахьа имҩаҧысуа азызыҩррақәа ари
аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәа амҩатә машәырқәа рыҩаӡара аиҵатәразы
иконкреттәу ажәалагалақәа аус рыдулара иазкыуп. иазгәеиҭеит уи.
Начач иҳәеит, Аҳәынҭқарратә
автоинспекциа Аусбарҭа адырранҵақәа рыла, амҩа-транспорттә машәырқәа
еиҳарак ирыхҟьоит арыжәтә ыжәны амашьына аҧсҟыкреи, амашьына ырццакны
адәықәҵареи, угәы уҽанызҵо амҩатә дыргақәеи, алашамҩақәҵақәеи
ратәамбара.
Адепутат игәаанагарала,
амҩа-транспорттә машәырқәа рзы азинхархәаратә практика аҩаӡара лаҟәуп.
Ашьауҕатә усқәа рзы аусеилыргаратәии аӡбаратәи еиҿкаарақәа иахәҭоу
аӡбарақәа рыдыркылом. Заатәи аусеилыргарақәа арҭ аусқәа рзы инықәырҧшшәа
ихарҭәаамкәа имҩаҧысуеит, - инаҵшьны иазгәеиҭеит Начач.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ
Владимир Гаидуков Административтә кодекс аҟны иҟоу аҩыжьра иазхьаирҧшит
азакәанҧҵаҩцәа. Иахьа амҩа-патрультә маҵзура аусзуҩ амашьынаныҟәцаҩ
дихымхәцит ҳәа дахьырхәхом. Аилагаҩцәа агәра ргароуп, зегь раҧхьаӡа
иргыланы, ишахьырхәхо ала. Иара убасгьы, уи иҳәеит, иеиҭамҵуа
Аҳәынҭқарратә автоинспекциатә постқәа еиҭахгьы ишеиҿкаахо ала.
В.Начач иажәақәа рыла, 2005 шықәса
инаркны 2007 шықәсанӡа ареспублика аусӡбарҭақәа амҩа-транспорттә
машәырқәа рзы 82 ус еилдыргахьеит, урҭ рҟынтә 35 аҧсыҭбарақәа рыцын;
урҭ рахьынтә иҭакыу 23 ҩыуаак роуп.
Иреиҳау аӡбарҭа ахантәаҩы актәи
ихаҭыҧуаҩ Г.Акаба иазгәеиҭеит азакәанҧҵараҿы аҧышәа змоу адукатцәа рхы
иадырхәо аҩыжьра шыҟоу,. Араҟа зыӡбахә ҳәатәу, аганқәа реиныршәара
алзыршо Ашьауҕатә кодекс ахәҭаҷ ауп. Аҧсыҭбарақәа зцыу амҩа-транспорттә
машәырқәа раангьы, иҧсыз иҭынхацәа аилагаҩ ианихашшаауа ыҟоуп., аӡбаҩ
ари дзаҿагылом. Жәаҳәарада, ацәгьара иҟаҵоу азы иашьашәалоу ахьырхәрагьы
аиуроуп, - иҳәеит Акаба.
14.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Иреиҳаӡоу
апрокәрор Сафарбеи Мқанба ианашьоуп Ареспублика Аҧсны Жәлар Реизара
Аҳаҭыртә грамота |
Азаканҧҵаратә процесс активла дахәалахәу
азы Ареспублика Аҧсны Иреиҳаӡоу апрокәрор Сафарбеи Мқанба ианашьоуп
Жәлар Реизара Ареспублика Аҧсны Апарламент Аҳаҭыртә грамота. Абри азы
адырра ҟанаҵоит Апарламент апресс-маҵзура.
14.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсныти
Аҳәынҭқарратә Филармониаҟны имҩаҧысит Нхыҵ Кавказтәи аиашьаратә
республикақәеи, Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни реиҩызаратә концерт |
Р.Гәмба ихьӡ зхыу Аҧсныти Аҳәынҭқарратә
Филармониаҟны имҩаҧысит Нхыҵ Кавказтәи аиашьаратә республикақәеи, Аахыҵ
Уаҧстәылеи Аҧсни реиҩызаратә концерт.
Уи иалахәын Кавказ иреиҳау амузыкатә
ҳамҭа Ахьтәы микрофон зҽаҧсазтәыз Нодар Гәцати (Аахыҵ Уаҧстәыла
жәлар рартист), Едуард Дауров ( Нхыҵ Уаҧстәыла Ареспублика жәлар
рартист), Сулҭан Баикәлов (Ҟарачы Черкесстәи Ареспублика жәлар
рартист), Магомеҭ Исаев (Чечентәыла Ареспублика жәлар рартист), Ирина
Ракитина (Ҟабарда Балкариа), автор-анагӡаҩы Анатолии Алҭеиба, Ирена
Кәлаа уҳәа убас егьырҭгьы.
Артистцәа,рхатәы бызшәа инаваргыланы
инарыгӡон аурыси аҳәаанырцәтәии акомпозиторцәа еицырдыруа рашәақәа.
Аконцерт алахәцәа Аҟәа иааит апроект
автор, Жәлар Рҟазара Ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа иаапхьарала. Иара
иажәақәа рыла, Нхыҵ Кавказынтәи ҳашьцәа раҧхьаӡа акәны арахь иааит
абџьар шьҭыхны ҳаҧсадгьыл ҳацрыхьчарц акәымкәа, аҳҭны қалакь ауааҧсыра
агәырҕьареи агәалаҟазаара бзиеи ҳамҭас ирырҭарц ирырҭарц азы. Уи
шрықәҿиаз дырҵабыргуан ахәаҧшцәа еихымсыҕьуаз рнапеинҟьабыжьқәа.
Автор-анагӡаҩ Анатолии Алҭеиба
иазгәеиҭеит, ас еиҧш аконцертқәа реицымҩаҧгара аҧышәеимадараҿы анырра
шыҟанаҵо. Иҟоуп ирҿаҳҵааша Нхыҵ Кавказынтәи ҳколлегацәа. Аҟазареиҧш
ажәларқәа еидызкыло акагьы ыҟаӡам. иҳәеит ашәаҳәаҩ.
Аконцерт иалахәыз зегьы Аҧсны акультура
аминистрра аҟнытә аҳамҭақәа ранашьан.
10.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аӡиудо азы Ҟәбан
ашколхәыҷқәа рыбжьара имҩаҧысуаз аспортокиадаҟны аҧхьахәтә ҭыҧ
аанылкылеит Диана Чалиан |
Абокси ақәҧареи рзы Аҟәатәи
ахәыҷтәы-қәҧштә школ ааӡамҭа, Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ аҵаҩы,
аӡиудо азы 1993-95 шықәсқәа рзы ииз Ҟәбан ашколхәыҷқәа рыбжьара
имҩаҧысуаз аспортокиадаҟны 57 килограмм акапантә категориаҟны аҧхьахәтә
ҭыҧ аанылкылеит Диана Чалиан. Абри азы Аҧсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит
азыҟаҵаҩ еиҳабы Андреи Погосов.
Аицлабрақәа мҩаҧысуан мшаҧымза 2 инаркны
8 нӡа Армавир. Урҭ ирылахәын 400 инареиҳаны Краснодартәи атәылаҿацә
иаҵанакуа акалақьқәеи араионқәеи.
Диана Чалиан аихьӡара шьахәқәа аарҧшуа
дықәгылеит, 57 килограмм акапантә категориаҟны 6 иааирак лгеит,
аҧхьахәтә ҭыҧгьы аанылкылеит, - ҳәа адырра ҟаиҵеит Андреи Погосов.
09.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Иаарласны Апарламент ахәаҧшраны
иҟоуп Ареспублика Аҧсны Аҳаиртә Кодекс азы апроект |
Аекономикатә политиказы апарламенттә
еилакы аҟны имҩаҧысит Ареспублика Аҧсны аҳаиртә Кодекс азы апроект
ахәаҧшра.
Аилак аусура ихы алаирхәт
Аҳәынҭеилахәыра Аҧсуа ҳаирцәаҳәақәа адиректор хада Виачеслав Ешба.
Апарламенттә еилакы ахантәаҩы Павел
Лешьук иазгәеиҭеит, Акодекс регламентра шауа Аҧсны аҳаиртә ҳәаа
ахархәара аиҿкаашьа, уи адкылара хымҧадатәуп ҳәа. Аҳаиртә ҳәаа Акодекс
аус адырулеит аҧышәа змоу аеқсперҭтә гәыҧ, уи иахьынӡауала иазааигәоуп
урыстәылатәи. Убри аан, зегь раҧхьаӡа иргыланы, ҳасаб рызууп
ҳҳәынҭқарра аинтересқәа, - иҳәеит П.Лешьук.
Иаарласны, акодекс апроект ахәаҧшразы
инагахоит Апарламент аҟны.
Лешьук адырра злаҟаиҵаз ала,
Аҳаиреимадаразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы азырхиара иаҿуп Аҧсни
Урыстәылеи реиҳабырақәа рыбжьара.
09.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсны анапхгара
иазырыӡбеит Урыстәылатәи архәҭақәа алархәны, Қырҭтәылеи Аҧсни Рҳәынҭҳәаа
ахьчара арҕәҕәара |
Қырҭтәыла аганахьала аҭыҧ змоу
абџьарлатәи апровокациақәеи, иара убасгьы ааигәа ақырҭуа нышьақәа
ирҳәынҷаз Аҟәантәи Стамбулҟа ицоз аҭырқә ҕбеи уҳәа убас аҭыҧ змоу
ахҭысқәа инарыдҳәаланы, Ареспублика Аҧсны анапхгара аӡбара рыдыркылеит
Урыстәылатәи арратә еилазаарақәа алархәны Қырҭтәылеи Аҧсни Рҳәынҭқарратә
ҳәаа ахьчара арҕәҕәаразы. Абри атәы аҳәоит Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа
рминистрра 2009 шықәса, мшаҧымза 8 рзы иҟанаҵаз Аҳәамҭаҟны.
Иара убасгьы аҳаиртә ҳәаа ахылаҧшра
арҕәҕәареи Аҧсны аӡқәа рҟны аҕбақәа ршәарҭадара аиқәыршәареи рзы
изыхәҭоу инхарҭәаау аусмҩаҧгатәқәа рыдкылара азҧхьагәаҭоуп.
Аҧсны агәҭынчымра аанарҧшуеит Қырҭтәыла
амаҵзура ҷыдақәа Кәыдры аиҩхааҿы имҩаҧырго аҵшәааратә усмҩаҧгатәқәа
рактивтәреи рзи, иара убасгьы Қырҭтәыла амаҵзура ҷыдақәа иааигәаӡаны
ирымадоу, ақырҭуа террористтә гәыҧ Белый легион апартизантә ҵысра
еиҭа ахьарҿыцзи.
Қырҭтәыла анапхгара рҽазыршәоит аимак
азонаҿы аҭагылазаашьа аруадаҩра, уиала , 2009 шықәса мшаҧымза 9 рзы
Қырҭтәыла аопозициа ргәы иҭоу аҿагыларақәа еиҵарҟьаразы, ҳәа
азгәанаҭоит Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра.
Аҧсуа ган изныкымқәа жәларбжьаратәи
аилазаарақәа рахь ааҧхьарақәа ҟанаҵахьеит аимак азонаҿы аҭагылазаашьа
аибарххаразы, хәҭакахьала Қырҭтәыла иҟоу Европатәи Амониторингтә
миссиахь, иара убасгьы Европатәи Аидгыла аҭакҧхықәра ахьаду азонаҿы
Қырҭтәыла архәҭақәа рхыҧхьазара аизҳареи инарыдҳәаланы, аха уи
зынӡаскгьы хырҩаа арымҭеит.
Убри инадҳәаланы, аҧсуа ган инаҵшьны
иазгәанаҭоит, Қырҭтәыла аганахьала иаауа иарбанзаалак апровокациақәеи,
агрессиатә хымҩаҧгашьақәеи раҧырҟәҟәаара ишазхиоу азы.
08.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Қырҭтәыла
еиҭарҿыцит Амшын Еиқәа аӡқәа рҟны амшынтә қәларақәа рымҩаҧгара Аҧсны
Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра |
Қырҭтәыла еиҭарҿыцит Амшын Еиқәа аӡқәа
рҟны амшынтә қәларақәа рымҩаҧгара, ари даҽазныкгьы ишьақәнарҕәҕәоит
аимак аибарххаразы Қырҭтәыла аҽазышәарақәа. Абри азы адырра ҟанаҵоит
иахьа Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра, 2009 шықәса, мшаҧымза 5 руха
Амшын Еиқәа аӡқәа рҟны, аҭырқәа бааӡатәымҩангага (атанкер) Денса
Демент, Аҟәантәи Стамбулҟа зхы зырхаз ахьырҳәынҷаз инамаданы.
Абааӡатәымҩангага ( атанкер) рҳәынҷеит ақырҭуа нышьа-аҷаҧшьаҩцәа ҩба. Уи
аборт аҟны иҟан 10 ҩыуаак Ҭырқәтәыла ауаатәыҩса.
Қырҭтәыла, Амшын Еиқәа аӡқәа рҟны
ахәҳахәҭратә ҕбақәа раанкыларазы ахымҩаҧгашьа, Аҧсны Адәныҟатәи Аусқәа
рминистрра излазгәанаҭоу ала, ари жәларбжьаратәи амшынтәии
агәҳалалратәи зинқәа ирҿагылоит, Ҭырқәтәылантәи Аҧсныҟа иааргоз аидара
излаҭынч еидараз ала.
Аҧсуа ган агәнамӡара аанарҧшуеит, иара
убасгьы Қырҭтәыла иҟоу Европатәи аилазаарақәа рхымҩаҧгашьазы, аимак
азонаҿы раанхаразы аҽазышәара ҕәҕәақәа ҟаҵо, хәҭакахьала Аҧсынгьы уахь
иналаҵаны, Европатәи Амониторингтә миссиа аҭакҧхықәра азонаҿы ақырҭуа
арратә потенциал аихаҳара зынӡаскгьы хырҩаа арҭом.
07.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсны абыргцәа
Рхеилак аинститут аҩаӡара ашьҭыхра азҵаара иазкын апартиа Иакыу Аҧсны
иеиҿнакааз астол гьежь |
Аҧсны абыргцәа Рхеилак аинститут аҩаӡара
ашьҭыхра азҵаара иазкын апартиа Иакыу Аҧсны иеиҿнакааз астол гьежь.
Аилацәажәарақәа ирылахәын 80 шықәса
зхыҵуа Абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы Павел Аӡынбеи, араионтә ҟәшақәа
рнапхгаҩцәеи.
Иқәгылоз иазгәартҭон, абыргцәеи,
ареспубликаҿы ҳаҭыр-пату зқәу ауааи ативла рхы аладмырхәыр ада ҧсыхәа
шыҟам, аҿар амилаҭтә-кәльтуратә ҵасқәеи, ақьабзқәеи рылааӡара азҵаараҿы.
Абыргцәа, еиҳаракгьы агәҭынчымра рнаҭоит аҿар рыбжьара анаркотикатә
маҭәашьарқәа ахархәара ахьырымоуи, амҩатә машәырқәа ирыхҟьаны аҿар
ахьҭахои, иара убасгьы аира аҵкыс аҧсра ахьеиҳахази.
Абыргцәа адгылара арҭоит ареспублика
анапхгара (ачарақәеи, аҧсрақәеи, аҧсхәрақәеи) уҳәа убас егьырҭ аритуалтә
усмҩаҧгатәқәа ишахәҭоу еиҧш рымҩаҧгаразы излагаз акомпаниа иацырҵаразы.
Абыргцәа Рхеилак ахаҭарнакцәа ажәалагала
ҟарҵеит, Кавказ зегьы аҟнытәи абыргцәа Реизара Аҧсны амҩаҧгаразы,
еиуеиҧшым ареспубликақәа рыҟнытә абыргцәа, ауаажәларраҟны ицәырҵуа
ауадаҩрақәа рыӡбараҿы рҧышәа еимырдарц азы.
07.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсуа Аепархиаҿы
имҩаҧысит ауаҩы изинқәа рзы Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара Аҟәатәи аофис
ахада иҧылара |
Аҧсуа Епархиаҿы
имҩаҧысит ауаҩы изинқәа рзы Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара Аҟәатәи аофис
ахада Ричард Коменди Аҧсуа Епархиа Аусбаҩ инапынҵақәа назыгӡо аиреи
Виссариони (Аҧлиа) реиҧылара.
Аиҧылараҿы
ирылацәажәеит, 2008 шықәса рзы, ақырҭуа архәҭақәа рыҟнытә зхы иақәиҭтәыз
Кәыдры аиҩхаа аҟны иаанхаз 7 ҩыуаак амонахцәа, мшаҧымза 3 рзы Аҧснынытә
Қырҭтәылаҟа рдәықәҵара азҵаара.
Сара Еидҵоу
Амилаҭқәа Реиҿкаара азинхьчаҩ иеилсыркааит ақырҭуа уахәама амаҵзуцәа
зҿыҵәҟьаз, урҭ рдоҳатә уалҧшьақәа ракәымкәа, аполитика шакәыз
имҩаҧыргоз,- иҳәеит аиҧылара ашьҭахь аиреи Виссарион.
07.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Очамчыреи Гали
араионқәа ршколқәа еизгоу ркомандақәа Акалам аҧышәара аицлабраҿ
аҧхьахәтә ҭыҧ еиҩыршеит |
Аҟәа имҩаҧысит
Аҧсны ашколхәыҷқәа рыбжьара Ареспубликаптә рҿиаратә еицлабра Акалам
аҧышәара. Уи есышықәса еиҿнакаауеит Аҧсны аҵарадырра аминистрра.
Гали , Тәҟарчали,
Очамчыреи, Гәылрыҧшьи , Аҟәеи, Гәдоуҭеи, Гагреи рраионқәа, Аҟәа
ақалақьи еизгоу ркомандақәа еицлабуан ахҭыс ахьыҟалаз аҭыҧ аҟнытә
арепортаж амҩаҧгашьеи, аҭӡы газеҭ аҭыжьреи, аҩразы адҵа анагӡареи, иара
убасгьы ахәыҷқәа рхала иаҧырҵаз ажәеинраалақәа рыҧхьареи рзы.
Ажиури анапхгаҩы,
ахәыҷтәы газеҭ Амцабз аредақтор, апоетесса Инна Аҳашба ахәыҷқәа
ажәеинраалақәа рхала ишырымҩыз ала агәыҩбара злалызцәырҵыз ала, ажиури
ахә ршьарц рыӡбеит ажәеинраалақәа исахьаркны ҟазарыла иаҧхьо ҳәа.
Аинтерес зҵоу
аҭӡыгазеҭқәа наргеит Тҟәарчали, Гали араионқәа рыҟнытә ашколхәыҷқәа.
Тҟәарчал ашколхәыҷқәа Аҧсны ахьыҧшымра иазыркит аҭӡы газеҭ. Галтәи
ашколхәыҷқәа рыҭӡы-газеҭ Аамҭақәа реиқәҿымҭа захьӡыз аҟны данын абџьар
аанкыланы, аҭынчра символра аызуа аҳәыҳәқәа иреихсуа ауаҩы.
Аицлабра
алыҵшәақәа еихшьало, ажиури алахәцәа еицҿакны иазгәарҭеит ахәыҷқәа
зегьы ибзианы рыҽшазыҟарҵаз. Ажиури ирыдыркылаз аӡбара дазааҭгыло, иара
убасгьы ахәыҷқәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа рызнаго, аҵарадырра аминистр
Индира Аҩардан агыҕра шлымаз лҳәеит, ари аконкурс аицлабратә ҟазшьа
шамоу, араҟа иаиуааиуа шыҟоу еиҧш, иаҵахоугьы шыҟоу, убри аҟнытә
ахәыҷқәа аӡәгьы игәы нхарым ҳәа.
Иреиҕьыу
аҩымҭақәа ҳәа иалыркааит Очамчыра араион Ҷлоутәи абжьаратә школ аҵаҩы
Нана Ураҭаӡе, Гал араион ашкол №1 аҵаҩы Иулиа Езыгәбаиа, 5 -тәи Аҟәатәи
абжьаратә школ аҵаҩы Лаура Аҩыӡба русумҭақәа.
Иреиҕьыу аҭӡы
газеҭқәа рзы аицлабраҿы аҭыҧқәа еихшан абас: актәи аҭыҧ Тҟәарчал
араион, аҩбатәи Гагра араион, ахҧатәи Аҟәа.
Исахьаркны
аҧхьараҿы актәи аҭыҧ аанылкылеит Рада Џьуҕьелиа (Гәдоуҭа араион),
аҩбатәи Асҭанда Гәргәлиа ( Аҟәа ақалақь), ахҧатәи Ҭемур Убилава (Гал
ақалақь).
Ахҭыс ахьыҟалаз
аҭыҧ аҟнытә арепортаж аимпровизациазы иреиҕьыу акәны иалыркааит Гал
араион еизгоу акоманда арепортаж.
Ажиури алахәцәа
абалқәа зегьы анеихыршьала, Очамчыреи Гали араионқәа еизгоу
ркомандақәа актәи аҭыҧ рзеиҩшахеит, аҩбатәи аҭыҧ ааннакылеит Аҟәа
ақалақь.
06.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Гал араион аҟны иҧшаауп аҧсыбаҩ |
Мшаҧымза 3 рзы, 11 сааҭи 49 минуҭи рзы
Галтәи амилициа аҟәша аусзуҩцәа Набакиа ақыҭа ахадара аиҳабы Нани Қардаа
адырра риҭеит, Набакьиа ақытан ишырыҧшааз, 1976 шықәса рзы ииз, Елгәџьа
Бераиа иҧсыбаҩ.
Избаз изларҳәо ала, уахынла Бераиа иҩны
иҩналеит иеилкаамыз хҩык асабрадақәа зҿаз, урҭ мачыла Бераиа иҩны
ддәылганы дыргеит.
Ҧыҭк аамҭа цахьаны, Е.Бераиа иқыҭауаа
,ахҭыҧқәа зныз иҧсыбаҩ рыҧшааит
Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша
аиҳабы Лауренс Коҕониа ажурналистцәа излареиҳәаз ала, Бераиа 2006 шықәса
раахыс араион азинхьчаратә усбарҭақәа ишьҭан имҩаҧигоз артҟәацрақәеи,
Гал араион Аладатәи азона амилициа аусзуҩ Фридно Џьгеренаиа ишьреи рзы.
Уажәааигәанӡа Бераиа Қырҭтәыла
иҽиҵәахуан, зны-зынла маӡала Аҧсны атерриториахь дхыҵуан. Уи арахь
иааразын аинформациа хьшәаны излаҳауаз ала, иаанкылара алыршамызт.Бераиа
уажәы Аҧсныҟа даазҭгьы акәхап даҽа тҟәацрақәак рымҩаҧгаразы, аха уи
дахьымӡеит, _ иҳәеит Коҕониа.
Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыҧ аҟны аоперативтә
гәыҧ аус ауеит.
03.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Москва иҟоу Испаниа ацҳаражәҳәарҭа
Аҧснытәи аспортсменцәа авизақәа рыҭара мап рыцәнакит |
Москва иҟоу
Испаниа ацҳаражәҳәарҭа Аҧснытәи аспортсменцәа авизақәа рыҭара мап
рыцәнакит, ҳәа ажурналистцәа рахь адырра ҟаиҵеит аҿари аспорти русқәа
рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Рафаель Амҧар.
Хәажәкыра 30
инаркны, мшаҧымза 6-нӡа, Испаниа, Барселона азааигәара, есышықәса
имҩаҧысуеит Европа ашьапылампыл азы акәбок Амилаҭтә Кубок. Аҧсны
акоманда арҭ аицлабрақәа ирылахәхон раҧхьаӡа акәны.
Р.Амҧар излеиҳәаз
ала, аҧсуа шьапылампыласцәа рзы арҭ аицлабрақәа рахь ааҧхьара ироуыз
қәҿиара дуын, аха Европатәи ахаҭарнакрақәа уи аҿагыларазы иаадырҧшыз
рҽазҵәылхрақәа ирыбзоураны аҧсуа спортсменцәа аҭагылазаашьа рмоуит
европа аҩаӡара аҟынӡа аицлабрақәа рылахәхара.
Аҧсуа
спортсменцәа, урыстәылатәи атәылауаҩра змоу, хәажәкыра 18 рзы Москва
иҟоу Испаниа ацҳаражәҳәарҭахь идҵаалеит авизақәа риуразы. Аха, хәажәкыра
27 рзы урҭ мап рыцәкны, рдокәментқәа рзыргьежьын.
Аҧсуа делегациа
аилазаараҟны 18 ҩыуаак ыҟан, урҭ рхыҧхьаӡараҟны 14 ҩыуаак
аспортсменцәа, азыҟаҵаҩ, аспонсор хада иҟнытә ҩыџьа ахаҭарнакцәа,
апарламент адепутат, ашьапылампыл Афедерациа ахҭарнак.
Аҧсны Адәныҟатәи
Аусқәа рминистрра аҧхьаҟа гәҭакыс иамоуп Аҧсны атәылауаа авизақәа рыҭара
мап рцәызкхьо рдырранҵақәа рбаза аҧҵара, Аҧсны атәылауаа ринтересқәа
рыхьчаразы иашьашәалоу аусмҩаҧгатәқәа рыдкыларазы.
03.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аминистрцәа
Реилазаараҟны ирылацәажәеит агидрометеорологиа аусхк аҟны Урыстәылеи
Аҧсни русеицура аперспеқтивақәа |
Агидрометеорологиа аусхк аҟны Урыстәылеи Аҧсни русеицура аперспеқтивақәа
ирылацәажәон, иахьа ,Аминистрцәа Реилазаараҟны.
Урыстәыла аган
хаҭарнакра азыруан Нхыҵ Кавказтәи Агидрометцентр аметеоролог хада
Пиотр Луреи, аметеорологиеи аҳауеи рыҟәша аиҳабы Татиана Павличенкои.
Нхыҵ Кавказтәи
агидрометцентр ахаҭарнак иазгәеиҭеит, наҟ-ааҟ еицыфеидоу аусеицура
абжьаҵара, аҧсуа ҳауагәаҭаратә маҵзура аусура аҿиаразы ишхәарҭа духо,
урыстәыла аганахьала арегион аҟны аҳауатә ҽыҧсахрақәа рзы ииашаны
аинформациа аиуразы ишыцхыраагӡахо.
Уи Аҧсны аиҳабыра
рахь ажәалагала ҟаиҵеит, Аҧсныи Урыстәыла Афедерациа егьырҭ
аметеорологиатә усбарҭақәеи рыбжьара ес-ҽынлатәи аинформациа аимадаразы
ишиашоу аметереологиатә телеимадара аканалқәа рыбжьаҵаразы ахшыҩҵак
адгылара арҭарц.
Аҧсны
аҳауагәаҭаратә маҵзура аиҳабы Леуард Барцыц инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҧсуа
метеорологцәа 15 шықәса раахыс иажәыз атехникатә мыругақәа рхы
ишадырхәо. Убри аан, уи иазгәеиҭеит Аҧсны аус шауа аметеостанциақәа
ҧшьбеи, аметеопостқәа ҩбеи. Аҳәынҭқарраҿы иаҳа иуадаҩыз аҭагылазаашьақәа
раангьы, амаҵзура финансла аиқәыршәара еиҧырҟьамызт. иазгәеиҭеит
Л.Барцыц.
Аҧыза министр
ихаҭыҧуаҩ Б.Кәбраа Нхыҵ Кавказтәи агидрометеоцентр ахаҭарнакцәа рахь
ажәалагала ҟаиҵеит аусбарҭабжьаратә усеицуразы аиқәшаҳаҭра аус
адыруларазы.
03.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Очамчыра
араион Ҷлоу ақыҭа даҭааит |
Иахьа, Аҧсны
Аҳәынҭқарра Ахада С.Багаҧшь, Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа даҭааит. Уаҟа
имҩаҧысит ақыҭа ауааҧсыреи, араион ақыҭақәа рхадацәа зегьы злахәыз
аизара.
Аизараҿы
ирылацәажәон аҧсуа традициақәа реиқәырхареи, аҿар Аҧсуара рылаӡаареи
азҵаарақәа. Иқәгылоз иазгәарҭон, аритуалтә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгараан
ҳмилаҭ ирыцәтәыму атрадициақәа мап шрыцәктәу.
Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада иқәгылараан адгылара риҭеит ақыҭауаа иҟарҵаз ажәалагалақәа. Уи
иазгәеиҭеит, ареспублика егьырҭ ақыҭақәа жәпакы рыҟны абас еиҧш
аизарақәа иҽрылархәра игәы ишҭоу. С.Багаҧшь ҷлоуаа ирзеиҭеиҳәеит Аҧсны
акәша-мыкәша аполитикатә ҭагылазаашьа атәи, азеиҧш финанстә кризис
аҭагылазаашьаҿы атәыла анапхгара аекономикатә усхк аҟны ирыдыркыло
аусмҩаҧгатәқәеи ртәы.
Аҳәынҭқарра Ахада
иазгәеиҭеит, иаарласны Ҷлоу ақыҭахь узго амҩа хадаҟны акапиталтә
рҽеирақәа ишрылаго, иара убасгьы Аҧсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз рыхьӡала
амузеи аҧҵараҿы афинанстә цхыраара шриҭо. Аҳәынҭқарра Ахада аизара
иалахәыз рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.
02.04.2009
Аофициалтә
Саит Аҧсны Аҳәынҭқарра
Ахада
|
|