|
|
Мадина
Бганба дҟаҵоуп Аҧсны Ахада иҟны аинформациатә усбарҭа анапхгаҩы
ихаҭыҧуаҩс |
Мадина Бганба дҟаҵоуп Аҧсны Ахада
иҟны аинформациатә усбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩс. Убри азы аусҧҟа инапы
аҵеиҩит Аҧсны Ахада Александр Анқәаб.
30.12.2011
Аҧсныпресс
|
Александр
Анқәаб дырҧылеит атәылахьчара аминистрра анапхгара |
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Александр
Анқәаб дырҧылеит атәылахьчара аминистрра анапхгара. Уаҟа ашықәс
аихшьаалақәа ҟаҵан. Атәыала ахада дазҵаауан ар рҭагылазаашьа.
Атәылахьчара аминистр Мираб
Кьышьмариа иазгәеиҭеит ар рҟны апроблемақәа шыҟам. “2011 ш. рзы ар
рҿаҧхьа ишьҭаз ауснагӡатәқәа зегьы наргыӡеит, ҳаҧхьаҟагьы инаргыӡалоит”,
- ҳәа атәыла ахада агәра ииргеит Мираб Кьышьмариа.
Александр Анқәаб иара убас,
дазҵаауан аррахь аҿар рааҧхьара аҭагылазаашьа зеиҧшроу. Иара иҳәеит
ишхымҧадатәу ашколқәа зегьы рҟны арра аҿазыҟаҵара амаҭәар алагалара.
“Ҳара ҳшәыцхраалароуп Ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа рааӡараҿы”, - иҳәеит Аҧсны
Ахада.
29.12.2011
Аҧсныпресс
|
Сергеи
Багаҧшь ихьӡ анаӡаӡатәразы аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаҧысит |
Аҧсны Ахада Сергеи Багаҧшь ихьӡ
анаӡаӡатәразы аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаҧысит. Уаҟа иахәаҧшит
Сергеи Багаҧшь ихьӡ анаӡаӡатәразы араионқәа радминистрациақәеи
ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи иҟаҵаз ажәалагалақәа.
Акомиссиа алахәылацәа иазыразхеит
атәыла ахада ихьӡ анаӡаӡатәразы иҟаҵаз абарҭ ажәалагалақәа:
Сергеи Багаҧшь ихьӡ ахызарц
Очамчыра араион администрциа ашҭа, уаҟа абиуст шьақәыргылазарц, иара
убас ихьӡ ахызарц Џьгьарда ақыҭа амҩахадеи Аҟәа аспорттә хани (уаанӡатәи
“Спартак”), СССР Аконституциа ахьӡ зху ашҭа Сергеи Багаҧшь ихьӡ ахҵаны
ибаҟа аргылара.
Акәльтура аминистрра иаарласны
ирыларҳәоит иаарту аконкәрс Сергеи Багаҧшь ибаҟеи ибиусти, Очамчыреи
Аҟәаеи аргылара апроект архьиразы.
Акомиссиа алахәылацәа ирыӡбеит
Сергеи Багаҧшь анышә дахьамадоу Џьгьарда ақыҭан амемориалтә комплекс
аргылара ахарџь аҳәынҭқарра иатәызарц.
Акомиссиа иҟанаҵаз аӡбарақәа Аҧсны
Ахада идыргалоит.
29.12.2011
Аҧсныпресс
|
Ашықәс ҿыц
аламҭалазы аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Индира Аҩардан даҭааит Аҟәатәи
ацхыраагӡатә школ |
Ашықәс ҿыц аламҭалазы
аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Индира Аҩардан даҭааит Аҟәатәи
ацхыраагӡатә школ. Лара атәыла анапхгара рыхьӡала ари ашкол аҵаҩцәеи
арҵаҩцәеи иааиуа аныҳәақәа рыдылныҳәалеит. Араҟа аҵара рҵоит 74 – ҩык
аҵаҩцәа.
Индира Аҩардан аҵаҩцәа
ирзеҕьалшьеит агәабзиареи рҵараҿы ақәҿиарақәеи. Аҵаҩцәеи урҭ рырҵаҩцәеи
ракәзар, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ иҭабуп ҳәа ларҳәон адныҳәаларақәеи
аҳамҭақәеи рзы.
“Ӡегьы иреиҳау ҳамҭоуп ҳара ҳзы
ашкол акапиталтә ремонт азура”, - ҳәа азгәалҭеит ашкол адиректор Нана
Ҭаркьыл. Индира Аҩардан ашкол анапхгара агәра длыргеит, ахәыҷқәа рзы
араҟа иахәҭоу аҭагылазаашьа шаҧҵахо ала.
29.12.2011
Аҧсныпресс
|
Альберт
Вартикиан дҭагалоуп Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра (1992-1993ш.) актәи
агәыҧ аинвалидцәа рсиа |
Аминистрцәа реилазаара
иханарҭәааит Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра (1992-1993ш.) актәи агәыҧ
аинвалидцәа рсиа. Уахь дҭагалоуп Альберт Вартикиан. Зынӡа ари агәыҧ ахь
иҭагалоуп 36 – ҩык аинвалидцәа.
Аҧыза-министр Леонид Лакербаиа
иазгәеиҭеит, амобилтә еимадара “Аквафон” аинвалидцәа мызкы 1000 мааҭ
шырзыршәо.
29.12.2011
Аҧсныпресс
|
Сергеи
Риабухин Леонид Лакербаиа иааиуа Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит |
Урыстәылатәи Афедерациа
Аҧхьаӡаратә палата аудитор Сергеи Риабухин Аҧсны аҧыза-министр Леонид
Лакербаиа иааиуа Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит.
Сергеи Риабухин Аҧсны
аҧыза-министр изеҕьаишьеит аҳәынҭқарратә усмҩаҧгатәқәа рынагӡараҿы
ақәҿиара дууқәа. “Ҳазҭало ашықәс аиқәаҳаҭрақәеи аиҭакра бзиақәеи
иртәхааит. Агәабзиара, аҭынчра, амшхәыбзазара шәыҩнаҭаҟны”, - ҳәа аҳәоит
адныҳәалараҟны.
Леонид Лакербаиа иааиуа Ашықәс ҿыц
идиныҳәалеимт иара убас, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Семион
Григориев. Изеҕьаишьеит агәабзиареи ақәҿиара ҿыцқәеи.
29.12.2011
Аҧсныпресс
|
Владимир
Путин Леонид Лакербаиа иааиуа аныҳәақәа Ашықәс ҿыци Ақьырсеи
идиныҳәалеит |
Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра
рхантәаҩы Владимир Путин Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа иааиуа
аныҳәақәа Ашықәс Ҿыци Ақьырсеи идиныҳәалеит.
“Арҭ аныҳәа лашақәа еснагь
гәыҕрала ҳарҧылоит. Ҳазыҧшуп аиҭақра бзиақәа, ҳагәҭакқәа рынагӡара.
Иааиуа 2012 шықәса шәнапы злакәу аусқәа рҿы ақәҿиарақәа ишәзаанагааит”,
- ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Владимир Путин Леонид Лакербаиа
изеҕьаишьеит агәабзиараеи аманшәалареи.
29.12.2011
Аҧсныпресс
|
Иҟаҵоуп
абна анхамҩеи акарантинтә инспекциа ахантәаҩцәа рхаҭыҧуацәа |
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа
Реилазаара адҵаҟаҵарала Камо Мелкумов дҟаҵоуп абна анхамҩа азы
аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩс, абнахылаҧшҩы хадас.
Вадим Бигәаа дҟаҵоуп аҳәынҭқарратә
акарантинтә инспекциа аиҳабы ихаҭыҧуаҩс.
28.12.2011
Аҧсныпресс
|
Х-тоннак
амандарина ҳамҭас ирыҭоуп зхатәгәаҧхарала Аҧсны еибашьуаз, иҭахаз
аҵеицәа рҭаацәа |
Ашықәс ҿыц аламҭалазы атәыла
аиҳабыра ҳамҭаҵас зхатәгәаҧхарала Аҧсны еибашьуаз (1992-1993ш.), иҭахаз
аҵеицәа рҭаацәа х-тоннак амандарина рзырышьҭит. Аидара игеит аминистрцәа
реилазаара аппарат анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Зураб Маршьан. Аҧсны аиҳабыра
рсоциалтә программа инақәыршәаны, ари акциа есышықәса имҩаҧысуеит.
Аҳамҭақәа рышьҭит ареспубликақәа
Ҟарачы-Черқесск, Ҟабарда-Балкариа, Адыгтәыла, Чечентәыла инхо Аҧсны
Аџьынџьтәылатәи еибашьраан иҭахаз аҵеицәа рҭаацәа рахь.
28.12.2011
Аҧсныпресс
|
Нугзар Аргәын дҟаҵоуп аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр
ихаҭыҧуаҩс |
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара адҵаҟаҵарала
Нугзар Аргәын дҟаҵоуп аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩс.
27.12.2011 Аҧсныпресс
|
Ерик Аншба дҟаҵоуп аҳәынҭқарратә аветеринартә
маҵзура аиҳабыс |
Ерик Аншба дҟаҵоуп аҳәынҭқарратә аветеринартә маҵзура
аиҳабыс. Убри азы аусҧҟа инапы аҵеиҩит Аҧсны Ахада Александр Анқәаб.
27.12.2011 Аҧсныпресс
|
Жәлар
Реизара адепутатцәа Урыстәылатәи Афедерациа еицҵоу арратә база Аҧсны
аҧҵаразы аиқәшаҳаҭра аратификациа азыруит |
Иахьа Жәлар Реизара адепутатцәа аилатәара мҩаҧыргеит.
Амшхәаҧштә аҟны иқәгылаз азҵаарақәа ируакуп Урыстәылатәи Афедерациа
еицҵоу арратә база Аҧсны аҧҵаразы аиқәшаҳаҭра аратификациа азура.
Ари аҩыза адокәмент Аҧсни Урыстәылеи рыбжьаҵаразы
ицәырган аиҩызара, аусеицыура, аицхыраара рзы ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра
инақәыршәаны.
Аилатәарахь иааҧхьаз атәылахьчара аминистр Мираб
Кьышьмариеи адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгбеи иазгәарҭеит,
ари аиқәшаҳаҭра аус инагӡаны ишадулам. Ус шакәугьы дара ақәшаҳаҭхеит
адокәмент аратификациа азура.
Жәлар Реизара адепутатцәа рыбжьыҭиирала адокәмент
аратификациа азун.
Аилатәараҟны иара убас, ирыдыркылеит 2012 шықәсазтәи
аҳәынҭқарратә биуџьет.
26.12.2011 Аҧсныпресс
|
2012ш. рзы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи
ақыҭанхамҩа аминистррахь иазоужьхоит 60 млн. мааҭ инареиҳаны |
Иахьа Аҧснытәи амедиа-клуб “Аинар” аҟны ақыҭанхамҩа
аминистр Беслан Џьопуа ажурналистцәа рзы апресс-конференциа мҩаҧигеит.
“Аџьынџьтәылатәи еибашьра ҳреспублика ақыҭанхамҩа ааха ҕәҕәа анаҭеит. Уи
аиҭашьақәыргыларазы алагала дуқәа ҟаҵатәуп. Атәыла анапхгара 70 млн.
мааҭ рҟынӡа азоунажьуеит ҳазҭало ашықәс азы еиуеиҧшым анхамҩақәа
рыҿиаразы”, - иҳәеит аиҧылара аартуа ақыҭанхамҩа аминистр.
Ацитрустә сезон шымҩаҧысуа дазааҭгыло аминистр
иазгәеиҭеит, сынтәа аҽаҩра бзиа шыҟоу, аха заа ицәырҵыз ахьшәашәарақәа
ирыхҟьаны ашәыр аҩежь ҧшшәы амоуӡеит. Убри инамаданы 29 нызықь тонна
ахьазгәаҭоу, иахьатәи аамҭазы иҭииуп 7 нызықь тонна мацара. Ҵыҧх
уажәааны 14 нызықь тонна рыла еиҳаны иҭиин.
Ажурналистцәа аминистр иазҵаауан ашәырҵлақәа реиҭаҳаразы
атәыла аиҳабыра руснагӡатәқәа ртәы. Излеилкаахаз ала, иахьатәи аамҭазы
аспециалистцәа анышә аҭҵаара иаҿуп, аиҭаҳатәқәа азгәарҭоит, урҭ
абаҳчақәа рзы иаадрыхуеит. Иазгәаҭоуп аҵәа, ажь, араса, акиви, алаҳа,
аца, атама уҳәа егьырҭ ашәырхкқәа рааӡара. “Араион цыҧхьаӡа еиҿкаауп
амашьына-трактортә станциақәа. Урҭ рзы ҵыҧх иааган 40 цыра атехника,
2011 ш. рзы 60 цыра атрактор ҿыцқәа. Аиҭаҳатәқәа реиҭаҳаразы зегьы
мазеины ианыҟало ауааҧсыра ирылаҳҳәоит”, - иҳәеит аминистр.
Ақыҭанхамҩа аинвестициақәа рызҵаара акәзар, аминистр
иҳәеит: “Аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи ақыҭанхамҩа иазоужьуп 60 млн.
мааҭ инареиҳаны. Атәыла аиҳабыра иазгәаҭаны ирымоуп ашьхымзааӡареи
арҧхарҭатә нхамҩеи рыҿиаразы аҧарақәа ралаҵара. Аҧсны аҿиара акомплекстә
план инақәыршәаны аҧарақәа алаҵахоит ашәҭқәа, ауҭраҭыхқәа, арҧхарҭатә
нхамҩақәа рыҿиарахьы”, - иҳәеит Беслан Џьопуа.
Ачаи аҭаҭыни русхкы далацәажәо Беслан Џьопуа иазгәеиҭеит,
ачаи аусхкы иалаҵаз ахарџь ахҩара шзалмыршахаз. Аха аиҳабыра ари азҵаара
ҳаҧхьаҟа иазыхынҳәуеит. Аҭаҭын акәзар, макьана алацәажәаразы ицәыргаӡам.
Аминистр ажурналистцәа иреиҳәеит Аҟәа ишаартхо аҧсыӡ
ҭиирҭатә аҳәынҭқарратә дәқьан.
26.12.2011 Аҧсныпресс
|
Кандид Ҭарба ианашьоуп Аиҩызара аорден |
Аҧсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы илагалақәа
рзы Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашара ансамбль “Кавказ” анапхгаҩы
Кандид Ҭарба ианашьоуп Аиҩызара аорден. Уи азы аусҧҟа ианапы аҵеиҩит
Урыстәыла Афедерациа Ахада Дмитри Медведев.
26.12.2011 Аҧсныпресс
|
Беслан
Ҵәыџьба ихҵоуп аинрал-маиор ҳәа арратә хьӡы |
Аҧсны Ахада Александр Анқәаб иусҧҟала атәылахьчара
аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ, аполковник Беслан Ҵәыџьба ихҵоуп аинрал-маиор
ҳәа арратә хьӡы.
26.12.2011 Аҧсныпресс
|
Баҭал
Табаҕәуа деиҭалхуп ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩыс |
Имҩаҧысит ацентртә алхратә комиссиа аилазаара ҿыц
раҧхьатәи реилатәара. Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩыс деиҭалхуп
Баҭал Табаҕәуа, уи иахаҭыҧуаҩс Роман Гериа, амаӡаныҟәгаҩс Ануш
Хоџьикиан.
Александр Анқәаб иусҧҟала ацентртә алхратә комиссиа
аҳәынҭқарра ахада иганахьала алахәылацәас иҟаҵоуп: Виачеслав
Кәакәасқьыр, Саид Мықәба, Баҭал Табаҕәуа, Енрик Торуа, Вахтанг Харчлаа,
Ануш Хоџьикиан, Дмитри Шамба. Жәлар Реизара адепутатцәа рганахьала
ацентртә алхратә комиссиа алахәылацәас иалхын Хәухәут Бганба, Роман
Гериа, Иван Зарандиа, Игор Қьецба, Едуард Кобахьиа, Ольга Прокопенко,
Џьон Смыр, Марина Шьанаа.
23.12.2011 Аҧсныпресс
|
Леонид
Лакербаиа идикылеит ареспублика Сан-Марино аҟынтәи аделегациа |
Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа идикылеит
ареспублика Сан-Марино аҟынтәи аделегациа. Аделегациа алахәылацәа руаӡәк
Маору Мурџьиа Леонид Лакербаиа инапаҟны ииҭеит Италиатәи ареспублика
Сан-Марино ахада Габриель Гатти иҟынтәи ашәҟәы. Уаҟа Сан-Марино ахада
Леонид Лакербаиа имаҵура иахагылара идиныҳәалоит, ари имариам аус аҟны,
ақәҿиарақәа изеҕьаишьоит. Иара агәыҕра ааирҧшуеит, Аҧсни Сан-Маринои
рыбжьара аекономикеи ахәаахәҭреи рганахьала усеицыура шышьақәыргылахо
ала.
Иара убас, Италиатәи аделегациа ахаҭарнакцәа иааргеит
Аҟәа ақалақь ахада изаашьҭыз ақалақь Пезаро ахада иҟынтәи аешьара
абжьаҵара атәы зҳәо ашәҟәы.
Иазгәаҭатәуп, Сан-Марино ақалақь Убринои Аҧснытәи
Аҳәынҭқарратә университети аусеицыуразы аиқәшаҳаҭра шрыбжьоу. Уи
аделегациа ахаҭарнакцәа гәахәарыла иалацәажәеит.
Асасцәа иара убас, Сан-Марино есшықәса имҩаҧысуа атурнир
ахь Аҧснытәи ашьапылампылтә команда азы ааҧхьара ааргеит.
Акәльтура аганахьала аусеицыура атәы ианалацәажәоз Леонид
Лакербаиа иазгәеиҭеит, ақалақь Пезаро аоператә Академиа аҟны аҵара шиҵо
ҳџьынџьуаҩ Баҭал Сақаниа. Маору Мурџьиа ихәҭакахьала иҳәеит Баҭал
Сақаниа иӡбахә гәаҳәарыла ишиҳәо. “Ааигәа ақалақь Пезаро имҩаҧысыз
Италиа 150 – шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа аҟны шәтәыла ахаҭарнак
далахәын, иара аҧсуа абираҟ кны италиатәи амилаҭтә гимн иҳәеит”, -
иҳәеит Маору Мурџьиа.
Аҧсны аҧыза-министр Леонид Лакербаиа иазгәеиҭеит,
Италиатәи аделегациа араҟа рыдкылара ҳтәылазы акыр шаҵанакуа. Иара
иҳәеит, аҧсуа ган аусеицыура ишазыхьиоу.
23.12.2011 Аҧсныпресс
|
Ацентртә
алхратә комиссиа аҳәынҭқарра ахада иганахьала алахәылацәа ҟаҵоуп |
Александр Анқәаб иусҧҟала ацентртә алхратә комиссиа
аҳәынҭқарра ахада иганахьала алахәылацәа ҟаҵоуп. Аҧсны Аконституциа
инақәыршәаны ацентртә алхратә комиссиа алахәылацәа 8 – ҩык апарламент
иалнахуеит, 7 – ҩык атәыла ахада.
Убас, Александр Анқәаб иусҧҟала ацентртә алхратә комиссиа
аҳәынҭқарра ахада иганахьала алахәылацәас иҟаҵоуп: Виачеслав
Кәакәасқьыр, Саид Мықәба, Баҭал Табаҕәуа, Енрик Торуа, Вахтанг Харчлаа,
Ануш Хоџьикиан, Дмитри Шамба.
Уаанӡа, декабр 16 рзы апарламент адепутатцәа рганахьала
ацентртә алхратә комиссиа алахәылацәас иалхын Хәухәут Бганба, Роман
Гериа, Иван Зарандиа, Игор Қьецба, Едуард Кобахьиа, Ольга Прокопенко,
Џьон Смыр, Марина Шьанаа.
22.12.2011 Аҧсныпресс
|
Дмитри
Шамба дҟаҵоуп Амилаҭтә банктә хеилак аҟны атәыла ахада ихаҭарнакс |
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иусбарҭа анапхгаҩы актәи
ихаҭыҧуаҩ Дмитри Шамба дҟаҵоуп Амилаҭтә банктә хеилак аҟны атәыла ахада
ихаҭарнакс. Уи азы аусҧҟа инапы аҵеиҩит Аҧсны Ахада Александр Анқәаб.
22.12.2011 Аҧсныпресс
|
Аҟәа,
Омар Беигәаа ихьӡ зху амҩа аҟны икыдҵоуп аҵарауаҩ ихьӡ акамыршәра иазкәу
амемориалтә ҕәы |
Аҟәа, Омар Беигәаа ихьӡ зху амҩа аҟны икыдҵоуп аҵарауаҩ
ихьӡ акамыршәра иазкәу амемориалтә ҕәы.
Амитинг ааиртит арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы
ахантәаҩы Зураб Адлеиба. Еизаз рҿаҧхьа иара убас, иқәгылеит ашәҟәыҩ
Терент Ҷаниа, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет адоцент Валери Бигәаа.
Дара еизаз ирзеиҭарҳәеит Омар Беигәаа иҧсҭазаареи иҭоурыхтә мҩеи.
Ашколхәыҷқәа апоет иажәеинраалақәа ирыҧхьеит. Амитинг хыркәшан
амемориалтә ҕәы аҿаҧхьа ашәҭқәа рышьҭаҵарала.
Сынтәа, иуль мзазы иҵуеит 110 шықәса аҧсуа амҳаџьырқәа
рхылҵышьҭра Ҭырқәтәыла ииз, инхоз, аҵарауаҩ, ашәҟәыҩ Омар Беигәаа
диижьҭеи. Омар Беигәаа Ҭырқәтәыла дышиизгьы ихатәы бызшәала ибзианы
дцәажәон, дагьазықәҧон уи аиқәырхара, иара убас, аҧсуа аҵасқәеи
ақьабзқәеи рмырӡра дашьҭан. Иара иҭиҵаауан афольклор, еизигон аҭоурых,
иҩуан ажәеинраалақәа. Омар Беигәаа изныкымкәа Аҧныҟа даахьан, аҧсуа
аҵарауаҩцәеи иареи акыр еимадан. Иҧсҭазаара далҵит Ҭырқәтәыла
(1901-2000ш.).
21.12.2011 Аҧсныпресс
|
Ашықәс
ҿыц аламҭалазы ҳтәылаҿы имҩаҧгахоит еиуеиҧшым аныҳәатә хәылҧазқәа |
Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа анапхгарала еиҿкаауп ашықәс
ҿыц иазкәу еиуеиҧшым аныҳәатә хәылҧазқәа рымҩаҧгара.
Аҟәа ақалақь апарк хадаҿы иргылоуп 18 метра иҟоу аҧсаҵла.
Уи аҿаҧхьа иқәгылоит аурыс адраматә театр артистцәа, аҵаа бабадуи
асҭыҧҳаи ахәыҷқәа дыргәырҕьоит аҳамҭақәа рыла. Иара убас, иазгәаҭоуп
егьырҭ ахәылҧазқәа рымҩаҧгарагьы.
20.12.2011 Аҧсныпресс
|
Аҟәеи
Нижни Новгороди рнапхгара аусеицыуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит |
Иахьа ақалақьқәа Аҟәеи Нижни
Новгороди рнапхгара аусеицыуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Адокәмент
рнапы анырҵеит Аҟәа ақалақь ахада Алиас Лабахәуеи Нижни Новгород ахада
Олег Сорокини.
Аиқәшаҳаҭраҿы иазгәаҭоуп
аекономика, акәльтура, аҵарадырра аганахьала аҩганк русеицыура.
19.12.2011
Аҧсныпресс
|
Рауль Пантиа
дҟаҵоуп аиустициа аминистр лхаҭыҧуаҩс |
Аҧсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа
реилазаара адҵаҟаҵарала Рауль Пантиа дҟаҵоуп аиустициа аминистр
лхаҭыҧуаҩс.
Аминистрцәа реилазаара
адҵаҟаҵарала иҟаҵоуп аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы
ихаҭыҧуаҩцәа;
Аҳазалхратә маҵзура аполковник
Заур Ашәба дҟаҵоуп аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы актәи
ихаҭыҧуаҩс;
Аҳазалхратә маҵзура агенерал-маиор
Лавренти Амқәаб дҟаҵоуп аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы
ихаҭыҧуаҩс, аҳазалхратә усбарҭа “Гал” ахантәаҩыс;
Аҳазалхратә маҵзура аполковник
Мсаусҭ Шамба дҟаҵоуп аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы
ихаҭыҧуаҩс.
16.12.2011
Аҧсныпресс
|
Аҧсны
аусутә визитла даҭааит Урыстәыла ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ
Николаи Патрушев |
Иахьа Аҧсны даҭааит Урыстәыла
ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Николаи Патрушев. Уи диҧылеит Аҧсны
Ахада Александр Анқәаб. Анаҩыс, аиҳабыра алархәны аилатәара инарҭбааны
имҩаҧган.
Аиҧылара иалахәыз аҧсуа ган
рхыҧхьаӡараҿ иҟан Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Михаил Логәуа, Жәлар Реизара
аиҳабы Нугзар Ашәба, аҧыза-министр Леонид Лакербаиа, атәыла
ашәарҭадаратә хеилак амӡаныҟәгаҩ Станислав Лакоба, атәылахьчара аминистр
Мираб Кьышьмариа, аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Аслан
Бжьаниа, Аҧсны Ахада иусбарҭа аиҳабы Беслан Кәыбраа.
Аиҧылара аҧхьа Николаи Патрушев
дырҭааит Сергеи Багаҧшь инышәынҭра, Дранда аргылара изҿу аҳәаахьчаратә
арратә хәҭа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза.
15.12.2011
Аҧсныпресс
|
18-тәи
Женеватәи аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа |
Ҧхынҷкәын 13-14 рзы имҩаҧысит
Кавказ аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рзы 18-тәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа.
Ашәарҭадара аганахьала иаҩаҧысыз
аусутә гәыҧ аҟны Қырҭтәыла иадгалан Аҧсни Аахыҵ-Уаҧстәылеи рахь амч
ахмырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапы анҵара. Аҧсуа ган хьаас иҟарҵоит
Қырҭтәыла ари аиқәшаҳаҭра рнапы анҵара ахьырҭахым азы, насгьы Аҧсны
аккупациа зызу ҳәынҭқарраны иахырыҧхьаӡо азы.
Иара убас, аҧсуа ган ахаҭарнакцәа
иақәшаҳаҭхеит Урыстәыла иҟанаҵаз ажәалагала, амч ахмырхәаразы
жәларбжьаратәи агарантиа аҟаҵаразы. Агарантиа аҟаҵаҩцәас иқәгыларц
Урыстәыла, США, Европатәи Аидгыла.
Аҩбатәи агәыҧ аусураҟны
излацәажәоз апроблема хадақәа ируакын аҧсуа-қырҭуа еибашьраан хабарда
иабжьаӡыз ауааҧсыра рызҵаара. Уи аганахьала аганқәа ргәаанагарақәа
еибырҳәеит, насгьы ирҳәеит ишеилыркаауа ари азҵаара аицыӡбара шаҭахәы.
Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан
аҧсуа ган ахаҭарнак, адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба
иажәақәа рыла, аиҿцәажәара мҩаҧысит аконструктивтә ҟазшьа аманы. Иааиуа
аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара азгәаҭоуп 2012ш.
Хәажәкыра
мза 28-29 рзы .
15.12.2011
Аҧсныпресс
|
Аҩнеихагылақәа
рхыбрақәа рыҧсахразы иазоужьуп 157 млн. мааҭ |
Аҧсны Ахада Александр Анқәаб
асоциал-економикатә ҿиара акомплекстә план анагӡара азҵаарақәа ирызкыз
аилатәара мҩаҧигеит. Уи иалахәын аҧыза-министр Леонид Лакербаиа,
аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩцәа Индира Аҩардан, Александр Страничкин,
Владимир Делба.
Араҟа ирылацәажәеит аҩнеихагылақәа
рхыбрақәа рыҧсахра азҵаара. Ҳазҭало ашықәс азы аҩнеихагылақәа рхыбрақәа
рыҧсахразы иазоужьуп 157 млн. мааҭ. Аҧсны Ахада иҳәеит, аусурақәа
рымҩаҧысшьа ишахылаҧшло аҳәынҭқарратә еилахәыра “Аҧсныргылара”.
“Ахыбрақәа аӡы шыркылсуа даҽа уск ҳнапы ҳзаркӡом”, - иҳәеит иара.
Аиҧылараҟны иара убас,
ирылацәажәеит ахәыҷбаҳчақәеи ашколхәыҷқәеи рхыбрақәа реиҭашьақәыргылара
азҵаарагьы. Аҧсны Ахада Индира Аҩардан илыдиҵеит Аҟәа еиҭашьақәыргылоу
ахәыҷбаҳчақәа иахәҭоу ахылаҧшра рыҭаразы. Иара убас, Александр Анқәаб
иазгәеиҭеит, ашколқәа рҟны аспорттә уадақәа реиҭашьақәыргылара
шхымҧадатәу.
250 млн. мааҭ азоужьхоит ахәыҷтәи
шҭақәеи ашьапылампыл – маҷ дәқәеи рыргыларазы.
15.12.2011
Аҧсныпресс
|
Аминистрцәа
реилазаара иаднакылаз ақәҵара инақәыршәаны анефть аалыҵқәа ныҟәызго
аидаратә ҕба Т -17 ашәҟәы ианыхуп |
Аминистрцәа реилазаара
аҳәынҭқарратә еилахәыра “Аҧсны амшынтә ҕбақәа” азин арҭеит анефть
аалыҵқәа ныҟәызго аидаратә ҕба Т -17 ашәҟәы аныхразы. Ари аҩыза
аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит Ҧхынҷкәын 14 рзы имҩаҧгаз аилатәараҟны.
Аҳәынҭқарратә амазареи
априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Константин Кациа
иажәақәа рыла, аиҭашьақәыргылара иаҧсам.
15.12.2011
Аҧсныпресс
|
Тимур
Ешба дҟаҵоуп Гәылрыҧшь араион администрациа ахадас |
Тимур Ешба дҟаҵоуп Гәылрыҧшь
араион администрациа ахадас. Уи азы аусҧҟа инапы аҵеиҩит Аҧсны Ахада
Александр Анқәаб.
Тимур Ешба диит Аҟәа ақалақь 1971
ш.
Ажьырныҳәа
21 рзы.
1987 ш. рзы далгеит Аҟәатәи
ажәабатәи абжьаратә школ.
Ашкол даналга ашьҭахь аус иуан
“Аҧсныргылара” анаплакы аҟны аусуҩс.
1988 ш. рзы аус иуан Кындыҕтәи
аҧсаатә ааӡараҭа афабрикаҟны.
1988-1989 ш. рзы дыҟан
аҭҵаара-ааглыхратә наплакы “Табак” аҟны алаборантс.
1989 ш. рзы дҭалоит ГИСХ
агрономиатә факәльтет.
1993 ш. рзы дҟаҵан Гәылрыҧшь
араион Мархьаул ақыҭа аколнхара ахантәаҩыс.
1995 ш. рзы дҟаҵан Гәылрыҧшь
араион Мархьаул ақыҭа ахадас.
2005 ш. рзы дыҟан Гәылрыҧшь араион
администрациа ахада актәи ихаҭыҧуаҩс.
2011 ш. абҵара 13 рзы далхын
Гәылрыҧшьтәи араионтә еизара адепутатс.
Аҧсны аџьынџьтәылатәи еибашьра
(1992-1993ш.) далахәын, ианашьоуп “Агәымшәараз” амедаль. Дҭаацәарауп,
димоуп аҧҳа.
15.12.2011
Аҧсныпресс
|
Алексеи
Ломиа дҟаҵоуп аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩс |
Аҧсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа
реилазаара иҟанаҵаз ақәҵарала Алексеи Ломиа дҟаҵоуп аҩныҵҟатәи аусқәа
рминистр ихаҭыҧуаҩс – ауаажәларратә шәарҭадара амилициа аиҳабыс.
14.12.2011
Аҧсныпресс
|
Аминистрцәа
реилазаара ишьақәнарҕәҕәеит анефть аалыҵқәа аамҭалатәи рыхәқәа |
Аҧсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа
реилазаара имҩаҧнагаз аилатәараҟны ишьақәырҕәҕәан анефть аалыҵқәа
аамҭалатәи рыхәқәа. Араҟа еилкаахеит абылтәы ахә мааҭк ала ишышьҭыҵыз.
Уи инамаданы абылтәы ахәқәа абас
иҟоуп:
амарка 90 – 28,5 мааҭ;
амарка 95 – 30 мааҭ,
амарка 98 – 31 мааҭ.
Aдизельтә былтәы ахә 2,5 мааҭ рыла
еиҳахоит, уи инамаданы адизельтә былтәы 29 мааҭ иаҧсахоит, еизаку ахә -
28 мааҭ.
14.12.2011
Аҧсныпресс
|
Аминистрцәа
реилазаара адҵаҟаҵарала иҟаҵоуп аминистрцәа рхаҭыҧуаҩцәа |
Аминистрцәа реилазаара
адҵаҟаҵарала Арда Ашәба дҟаҵоуп аҵара аминистр ихаҭыҧуаҩс; Динара Смыр
акәльтура аминистр ихаҭыҧуаҩс; Ашот Миносиан ақыҭанхамҩа аминистр
ихаҭыҧуаҩс; Асҭамыр Џьыкырба дҟаҵоуп акопиталтә ргыларазы аҳәынҭқарратә
усбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩс.
13.12.2011
Аҧсныпресс
|
Аҧсны Жәлар
Реизара адепутатцәа ралхрақәа рымҩаҧгара азгәаҭоуп 2012ш.
Хәажәкыра
10 рзы. |
Иахьа Аҧсны Ахада инапы аҵеиҩит
аусҧҟа Жәлар Реизара адепутатцәа ралхрақәа рымҩаҧгаразы. Аусҧҟа
инақәыршәаны, алхрақәа мҩаҧгахоит асабша, ҳазҭало ашықәс
Хәажәкыра 10
рзы.
12.12.2011
Аҧсныпресс
|
Аҧсны Жәлар
Реизара аделегациа анаҧшҩцәа раҳасабала рхы аладырхәит Приднестровиа
Ахада иалхрақәа |
Приднестровиатәи Молдавиатәи
Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ахантәаҩы Анатоли Камински иааҧхьарала, Аҧсны Жәлар
Реизара аделегациа анаҧшҩцәа раҳасабала рхы аладырхәит Приднестровиа
Ахада иалхрақәа.
Приднестровиа Ахада иалхрақәа
ирылахәын Павел Лешьук, Роман Бениа, Приднестровиа иҟоу Аҧсны ахаҭарнак
Алексеи Ватаман.
12.12.2011
Аҧсныпресс
|
Ҳазҭоу
амза анҵәамҭазы аҧсуа-аурыс ҳәааҿы аусура иалагоит ҿыц ихҵоу ацҳақәа ҩба |
Ҳазҭоу амза анҵәамҭазы аҧсуа-аурыс
ҳәааҿы аусура иалагоит ҿыц ихҵоу ацҳақәа ҩба. Урҭ автомашьынақәа
злахыҵуа ацҳақәа роуп. Ацҳа ҿыцқәа раартра акрааҵуеит иазыҧшуижьҭеи
аҳәаа иахыҵуа ауааҧсыра. Уаҟа аус зуа ауааҧсыра ракәзар, русура иацлоит.
Аҳәаахыҵра аус арманшәалара
азҵаарақәа ирызкын Аҧсны Ахада Александр Анқәаби аҳәынҭқарратә
аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Саид Ҭаркьыли реиҧылара.
Иазгәаҭатәуп, ацҳа ҿыцқәа рҟны
ашьаҟауаа рзгьы аҭыҧ шыҟоу, аха урҭ макьана аус руртә иҟам. Дара аамҭала
ацҳа жәытә ала аҳәаа ишахыҵыц иахыҵлоит. Автомашьынақәа зегьы ацҳа
ҿыцқәа рахь ииагахоит.
Аҧсны Ахада аҳазалхратә еилакы
ахантәаҩы идиҵеит ацҳа ҿыцқәа рыла аҳәаа иахыҵуа ауааҧсыра ауадаҩрақәа
ирықәымшәарц аусура аиҿкааразы.
12.12.2011
Аҧсныпресс
|
Ачымазара
ҿыкқәа ирыхҟьаны 12 – ҩык Аермантәыла, Кыргызстани Узбекистани
ртәылаауаа Аҧсны анҭыц иахыганы ишьҭуп |
Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура
аусуцәа 12 – ҩык Аермантәыла, Кыргызстани Узбекистани ртәылауаа
ачымазара ҿыкқәа ахьрыдырбалаз иахырҟьаны Аҧсны анҭыц иахыганы ирышьҭит.
Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура
аусура иалагеит 2011 ш. апрель мза рзы. Ари аамҭа иалагӡаны ашәҟәы
иҭагалан 5111 – ҩык Аҧсныҟа аусура иааз ауааҧсыра. 216 –ҩык ргәы
бзиамкәан аҟазаара иахҟьаны атәыла анҭыҵ иахыганы ишьҭын. Урҭ
рхыҧхьаӡараҿы иҟан 16 – ҩык Қырҭтәыла атәылауаагьы. Амиграциатә ҧҟарақәа
реилагаразы 615 административтә ус ашәҟәы иҭагалан. Амигрантцәеи
аусуцәеи ахараҧса аҳасабала ҳтәыла абиуџьеит иҭаргалеит 4 млн. мааҭ,
аҳаза аҳасабала 7 млн.мааҭ.
09.12.2011
Аҧсныпресс
|
Адәныҟатәи
аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба арепатриантцәа дырҧылеит |
Адәныҟатәи аусқәа рминистр
Виачеслав Чрыгба арепатриантцәа дырҧылеит.
Аиҧылараҟны арепатриантцәа ирҳәеит
рҭоурыхтә жәлақәа анҵаны, аҧсуа амилаҭтә паспорт аиураҟны ирызцәырҵуа
ауадаҩрақәа даара хьаас ишрымоу.
В. Чрыгба иазгәеиҭеит,
арепатриантцәа Ҭырқәтәыла ишатәылауаау, рпаспортқәа рҟны аҭырқәа жәлақәа
шарбоу, иҳәеит Аҧсныҟа ианыхынҳәлакь алшара шроуа рҭоурыхтә жәлақәа
анҵаны аҧсуа амилаҭтә паспорт аиуразы. Арепатриантцәа рыжәлақәа ҧсахны
изну аҧсуа аҳәаанырцәтәи апаспортқәа рызхаҵаразы Урыстәыла аган
ақәшаҳаҭхараоуп.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр
арепатриантцәа агәра диргеит Аҧсны анапхгара аурыс ган алархәны ари
азҵаара аӡбаразы ирылшо зегьы шыҟарҵо.
Виачеслав Чрыгба иҳәеит дшазыхьиоу
лассы-лассы арепатриантцәа рҧылара, урҭ ргәы иҵхо азҵаарақәа
рылацәажәаразы.
09.12.2011
Аҧсныпресс
|
Ульзана
Дубровскаиа деиҭаҟаҵоуп аҳәынҭқарратә статистика аусбарҭа аиҳабы
лхаҭыҧуаҩс |
Аминистрцәа реилазаара
адҵаҟаҵарала Ульзана Дубровскаиа деиҭаҟаҵоуп аҳәынҭқарратә статистика
аусбарҭа аиҳабы лхаҭыҧуаҩс; Рауль Аҩӡба дҟаҵоуп аҳәынҭқарратә усбарҭа
“Абхазэнергонадзор” аиҳабы ихаҭыҧуаҩс.
08.12.2011
Аҧсныпресс
|
Декабр
4 рзы Анкара иазгәарҭон аҧсуа акәльтуратә центр ҧшьышықәса ахыҵра |
Декабр 4 рзы Анкара иазгәарҭон
аҧсуа акәльтуратә центр ҧшьышықәса ахыҵра. Ацентр анапхгара аиҭоит
Џьахит Кале. Ари арыцхә инамаданы Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр
Виачеслав Чрыгба акәльуратә центр аиҿкааҩцәа рахь адныҳәаларатә шәҟәы
ишьҭит.
В. Чрыгба агәра ганы дыҟоуп, ари
ацентр Ҭырқәтәыла иҟоу кавказтәи ахеидкылақәеи адиаспореи реимадара
арҕәҕәараҟны даҽа шьаҿакны ишыҟало.
“Ҳара – аҧсуаа, адыгаа, аублаа,
иара убас, кавказтәи аешьаратә жәларқәа зегьы ҳаидгылан аҧсҭазаара
иҳаднагалаз аҧышәара ҕәҕәақәа раан, иахьагьы зегьы ҳаидгылар ауп ”, -
ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр
акәльуратә центр алахәылацәа зегьы ирзеҕьаишьеит агәабзиара, агәамч,
ақәҿиара дууқәа.
07.12.2011
Аҧсныпресс
|
Станислав
Лакоба дҟаҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзура амаӡаныҟәгаҩс |
Станислав Лакоба дҟаҵоуп Аҧсны
Аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзура амаӡаныҟәгаҩс . Уи азы аусҧҟа инапы
аҵеиҩит Аҧсны Ахада Александр Анқәаб.
07.12.2011
Аҧсныпресс
|
Адәныҟатәи
аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба идикылеит Аҧсны иҟоу МККК ахаҭарнакцәа |
Адәныҟатәи аусқәа рминистр
Виачеслав Чрыгба идикылеит Аҧсны иҟоу МККК ҧасатәи ахаҭарнак Инске
Вандормаили, ахаҭарнак ҿыц Лиук Хааси.
Инске Вандормаиль Аҧсны лусура
хлыркәшеит. Уажәы амиссиа ахантәаҩыс дыҟоуп Лиук Хаас. Амиссиа араҟа
инанагӡо ихадоу аусмҩаҧгатәқәа ируакуп хабарда иабжьаӡыз ауааҧсыра
рыҧшаареи, урҭ рыуацәеи рҭынхацәеи апсихологиатә цхыраара рыҭареи.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр
Виачеслав Чрыгба Инске Вандормаиль лусуразы иҭабуп ҳәа леиҳәеит. Иара
агәыҕра ааирҧшит, Лиук Хаас амиссиа ишьақәнарҕәҕәаз апроектқәа қәҿиарала
ишынаигӡо ала.
06.12.2011
Аҧсныпресс
|
Ахшарарацәа
змоу аҭаацәара ҕарқәа рыпроблемақәа иазкын апарламент аҟны имҩаҧгаз
астол гежь |
Жәлар Реизара аиҳабы ихаҭыҧуаҩ
Ирина Агрба лаҧшьгарала апарламент аҟны имҩаҧган ахшарарацәа змоу
аҭаацәара ҕарқәа рыпроблемақәа рыӡбара иазкыз астол гежь.
Жәлар Реизара адепутатцәа реиҧш,
астол гежь иалахәын аџьеи асоциалтә рҿиареи рминистр Ольга Колтукова,
агәабзиарахьчара аминистр Зураб Маршьан, аҧсуа ателерадиоеилахәыра
ахантәаҩы Алхас Ҷолокәуа, аҵара аминистрра ахаҭарнакцәа, ауаажәларратә
еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, аволонтиорцәа, аурыс-аҧсуа агәыҳалалратә фонд
“Ашана” ахаҭарнакцәа, ажурналистцәа.
Аилацәажәара иалагаанӡа уи
алахәылацәа идырбан ахшарарацәа змоу аҭаацәара ҕарқәа ирызкыз аҧсуа
ателехәаҧшра анҵамҭа.
Ирина Агрба илҳәеит, ауаажәларра
асоциалтә зҵаарақәа рхылаҧшра шыруалу, насгьы аҳәынҭқарра рганахьала
иҷыдоу асоциалтә программа аҧҵазар шахәҭоу. Лара лгәаанагарала иахьа
аҳәынҭқарра иамоуп аҭагылазаашьа еиҧҟьарада ауааҧсыра ацхыраара рыҭара.
Жәлар Реизара аиҳабы ихаҭыҧуаҩ амасса информациатә харахәагақәа рахь лхы
рханы илҳәеит, ари атема еснагь ишцәыргалатәу. Жәлар Реизара аиҳабы
Нугзар Ашәба иазгәеиҭеит, ақыҭақәа рҿы инхо аҭаацәраа ҕарақәа
аҳәынҭқарра рыцхыраарада рхы шрызныҟәымго.
Астол гежь алахәылацәа рҿаҧхьа
дықәгылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ауаажәларратә палата алахәыла Саида Аланиа.
Лара еизаз ирзеиҭалҳәеит ауаажәларратә палата алахәылацәа акыр шықәаса
ахшарарацәа змоу аҭаацәара ишрыцхраауа. Саида Аланиа илҳәеит ишырацәоу
ахәыҷқәа рииразы аршаҳаҭгақәа змам, амедицинатә аҳасабырба иқәгылам,
ашкол ахь имныҟәо уҳәа убас иҵегьы. Ас еиҧш иҟоу аҭаацәарақәа,
адокәментқәы рымамзаара иахҟьаны аҳәынҭқарра иҟанаҵо асоциалтә цхыраагӡа
рыҭараан ауадаҩрақәа цәырнагоит. “Иҟоуп ахшарарацәа змоу аҭаацәарақәа
ирымоу азинқәа ртәы анырзымдыруа”, - лҳәеит Саида Аланиа.
Араҟа еилкаахеит ишыҟоу ақыҭақәа
рҿы ахәыҷқәа ачымазаҩцәа (ДЦП) змоу аҭаацәагьы ишырзымдыруа
агәабзиарахьчара аминистрра ацхыраара ирнаҭо атәы. Аилацәажәара
алахәылацәа иазгәарҭеит, ишыҟоу аҭаацәарақәа рҕаррра аӡыргара зҭахым.
Убри акәхап еиҳараӡак изыхҟьо аҳәынҭқарреи еиуеиҧшым аиҿкаарақәеи иҟарҵо
ацхыраара, уи иаргәаҟуа зегьы рҟынӡа иахьзымнеиуа.
Аџьеи асоциалтә рҿиареи рминистр
Ольга Колтукова лажәақәа рыла, иахьатәи аамҭазы ацхыраагӡа зоуа
аҭаацәарақәа рхыҧхьаӡара наӡоит 3 500 – ҩык рҟынӡа (10 нызықьҩык
ахәыҷқәа). Аминистр иазгәалҭеит, аиҳабыра рҿаҧхьа изныкымкәа
ишцәырыргахьоу ацхыраагӡа ашәагаа ацҵаразы. Излеилкаахаз ала, мызкахьы
ахшарарацәа змоу аҭаацәа рҟынтәы хәыҷык изыршәо ацхыраагӡа 150 мааҭ роуп
иахыҟоу.
Астол гежь ахыркәшамҭаз, уи
иалахәыз рахь лхы рханы Ирина Агрба илҳәеит, ари апроблема аӡбаразы
асоциалтә программа ашьақәырҕәҕәараҿы доусу илагалақәа ҟаиҵарц.
06.12.2011
Аҧсныпресс
|
Аҧсны
иҟоу амиссиа МККК ахаҭарнак ҿыц дамоуп |
Аҧсны иҟоу амиссиа МККК дамоуп
ахаҭарнак ҿыц – Лиук Хаас. Иахьа уи дидикылеит аҧыза-министр Леонид
Лакербаиа.
Аиҧылара далахәын Аҧсны иҟоу МККК
ҧасатәи ахаҭарнак, 18 мзы араҟа аус зуаз Инске Вандормаель, иара убас,
Аҟәатәи МККК аофис аусзуҩы Борис Казанба.
Аҧсны иҟоу МККК ҧасатәи ахаҭарнак
лусура далацәажәо Леонид Лакербаиа иазгәеиҭеит, Инске Вандормаель Аҧсны
лыҟазаара аамҭа иалагӡаны иҟаҵаз шырацәаз, еиҳараӡак хабарда иабжьаӡыз
ауааҧсыра рыҧшаараҿы.
Аҧыза-министр ҧасатәи ахаҭарнакцәа
рҧырҵра еснагь ишхьаагоу азгәаҭо, Инске Вандормаель ақәҿиарақәа
лзеҕьаишьеит.
Лара лакәзар илҳәеит лыуацәеи
лҭынхацәеи рбара даараӡа ишылҭахәы, аха убриаан Аҧснынтәи ацара
шылцәыбаргәы.
“18 мзы Аҧсны сыҟазаара иалагӡаны
сара исгәалашәаӡом аамҭак, мзызк иахҟьаны араантәи ацара анысҭаххаз.
Сара даараӡа исҭахәуп арахь схынҳәны Аҧсны шыҿио, араҟа имҩаҧысуа
аҽеиҭакрақәа збарц. Убриаан аҳәара ҟасҵоит урҭ аҿеиҭакрақәа раан аратәи
аҧсабара аҧхасҭа амоурц”, - лҳәеит Инске Вандормаель.
Лиук Хаас иакәзар иазгәеиҭеит,
Женеватәи иколлегацәа ирыбзоураны 1992 шықәса раахыс Аҧсны имҩаҧгаз
аусқәа ртәы ибзианы ишыидыруа. Иара иҳәеит аусецуразы араҟа иҟаҵоу
ашьаҿақәа рацҵара дшазыхьиоу.
05.12.2011
Аҧсныпресс
|
Борис
Қаџьаиа дҟаҵоуп агазеҭ “Аҧсны” аредактор хада ихаҭыҧуаҩс |
Борис Қаџьаиа дҟаҵоуп агазеҭ
“Аҧсны” аредактор хада ихаҭыҧуаҩс. Борис Қаџьаиа ари агазеҭ аҟны аус
иуеижьҭеи акыр шықәса ҵуеит.
Аҧыза-министр иҟаиҵаз адҵала
агазеҭ “Аҧсны” аредактор хадас дҟаҵоуп Владимир Қапба.
02.12.2011
Аҧсныпресс
|
Леонид
Лакербаиа идикылеит жәларбжьаратәи аиҿкаара Ахәыҷтәы фонд UNICEF
ахаҭарнакцәа |
Аҧсны аҧыза-министр Леонид
Лакербаиа идикылеит жәларбжьаратәи аиҿкаара Ахәыҷтәы фонд UNICEF
ахаҭарнакцәа. Араҟа ирылацәажәеит Ахәыҷтәы афонд Аҧсны инанагӡо аусура
атәы.
Аиҧылара аартуа Леонид Лакербаиа
жәларбжьаратәи аиҿкаара ахаҭарнакцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит, ахәыҷқәа
аполиомиелит авакцина рзыҟаҵараҿы урҭ раҧшьгаразы.
Иазгәаҭатәуп UNICEF абзоурала
ишеиҿкаау авакцина ззыҟаҵоу ахәыҷқәа ркомпиутертә база. Уахь иҭагалоуп
авакцина ззыҟаҵоу 38 нызықьҩык рҟынӡа ахәыҷқәа (0-17 ш.).
Леонид Лакербаиа иазгәеиҭеит,
Аҧсны Аиҳабыра анаҩысгьы ишазыхьиоу аусеицура.
Асасцәа ракәзар ирҳәеит, егьырҭ
аусхкқәа рҟныгьы аусеицура ишазыхьиоу.
01.12.2011 Аҧсныпресс
|
Аҧсны
ауааҧсыра ирымазар ауп аҭагылазаашьа адәқьанқәа рҟны аҧсыӡ ҿыцкра
аахәара |
Аҧсны Ахада Александр Анқәаб аҧсыӡ
аусхкы аҭагылазаашьа иадҳәалоу аилатәара мҩаҧигеит. Уи иалахәын
аҧыза-министр Леонид Лакербаиа, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа,
аекологиеи аҧсабарахархәареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Роман
Дбар.
Аиҧылараҟны ирылацәажәеит аҧсыӡкра
азҵаареи, уи анаҩыс аус адулара ицәырнаго апроблемақәеи. Аҧсыӡ зкуа
аилахәырақәа рҟынтәи аҳәынҭқарра 25 млн. мааҭ роуп шықәсык ахь ахашәалас
иамоу, убриаан адәқьанқәа рҟны аҧсыӡ ыҟаӡам.
Аҧсны Ахада ақыҭанхамҩа аминистр
адҵа ииҭеит ауааҧсыра аҧсыӡ ҿыцкра аахәаразы аҭагылазаашьа рзаҧҵара.
Араҟа ирылацәажәеит аҧсыӡ акразы
иҟоу аквотақәа рызҵаара. Зны-зныла 35 аҕба рҟынӡа аҧсыӡ ркуеит,
ишьақәыргылоу анормақәа ианрықәыршәаны Аҧснытәи акватори аҟны аҧсыӡ зкуа
20 аҕба иреиҵамзар ауп.
Аекологиеи аҧсабарахархәареи рзы
аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы иакәзар, адҵа иҭоуп ари азҵаара ахылаҧшра
аҭаразы.
01.12.2011 Аҧсныпресс
|
Гал
имҩаҧысит аидысларақәа рҭышәынтәаларазы 32- тәи аиҧылара |
Еиду Амилаҭқәа рхаҭарнак Анти
Турнен ихантәаҩрала Гал имҩаҧысит аидысларақәа рҭышәынтәаларазы 32- тәи
аиҧылара.
Еиду Амилаҭқәа рхаҭарнакцәа
ргәаанагарала аиҧылара аусутә ҟазшьа аманы имҩаҧысит.
Аиҧылара алахәылацәа ирылацәажәеит
уаанӡа ицәырыргахьаз абаандаҩцәа рызҵаара, еибырҳәеит уи азы
ргәаанагарақәа, иара убас ирылацәажәеит аҳәаахыҵра азҵаара.
Араҟа иӡбан анаҩыстәи аиҧылара,
иааиуа ашықәс ианвар 31 рзы Гал амҩаҧгара.
01.12.2011 Аҧсныпресс
|
|