AҦCУAA  БЖbbI

                                     -------------------- Aҧcнынтәи aжәабжь ҿыцқәа--------------------                 Аҧсуа шрифт



 
 Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит ареспублика Науру аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит Ареспублика Науру аҳәынҭқарра Ахада Маркәс Стивен итәыла ахьыҧшымра амш инадҳәаланы. Адныҳәалараҟны иазгәаҭоуп:

 

Шәаҳаракыра!

 

Аҧсны жәлари, ареспублика анапхгареи рыхьӡала Ареспублика Науру ажәлари хаҭала Шәареи гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Ахьыҧшымра Амш!

 

Аҧсны ахә ҳаракны иршьоит Ареспублика Науру Ареспублика Аҧсны ахьыҧшымра ахьазханаҵаз. Агәра ганы сыҟоуп, ҳреспубликақәа рыбжьара ганрацәалатәи аимадарақәа рырҭбаара аиҩызаратә процесс арҕәҕәара иацхраап ҳәа. Сгәы иаанагоит, аилибакаареи аҳаҭыреиқәҵареи атрадициақәа ҳҳәынҭқаррақәа русеицура ҧхьаҟа иагап ҳәа.

 

Ҳтәылақәа рыбжьара аполитикатәи, аекономикатәи, акәльтуратәи еимадарақәеи, иара убас ҳҳтәыла аҭоурыхи атрадициақәеи рабадырразы ааҧхьара шәысҭоит визитла Ареспублика Аҧсны шәаҭарразы ,шәара ианышәзыманшәалоу аамҭазы.

 

Ишәзеиҕьасшьоит ақәҿиарақәеи, агәамчи шәтәыла амаҵзураҿы.

 

Ҳаҭырла, Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада

 

С.Багаҧшь.